Аихшьаалақәа ираамҭоуп: Елеонора Коӷониа лылкаақәа

© Foto / из личного архива Элеоноры КогониаЭлеонора Когониа
Элеонора Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2023
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз 2022-тәи ашықәс аихшьалақәа ҟалҵоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҽаанбзиала Sputnik Аԥсны асаит аԥҳьаҩцәа! Абар имҩасит даҽа шықәсыкгьы, ус анакәха аихшьаалақәа ираамҭоуп. Зыцәгьеи зыбзиеи еибакапануаз шықәсын заамҭа хзыркәшаз 2022-тәи сара сзы.
Ҩышықәса иҳалагьежьуаз ачымазара ҿкы ахҟьаԥҟьақәа уажәгьы иаҳныԥшуеит, иара ахаҭа хьаҵзаргьы. Уи зхызгаз ргәабзиара акыр иаруашәшәыреит, ахы днардыруеит аӡәырҩы уажәгьы. Сҭаацәа ртәы сҳәозар, апандемиа аамҭазы COVID-19 ҳхьымскәа имҩасит. 2022 шықәсазы ҳара ҳҭаацәараҿы аԥсыҭбарақәа ыҟан, аха иҟан аизҳарагьы – идунеи иԥсахит сашьа, аха анаҩс диит сашьа имаҭа. Аҩны анҭыҵтәи ахҭысқәа рыла ибеиан сдунеи сҳәар ауеит ииасыз ашықәс азы.
Зегь раԥхьаӡа иргыланы 30 шықәса рнаҩсан сара сазыхынҳәит атеатртә ԥсҭазаара. Абри зегь реиҳа ихадоу жәабжьуп шьҭахьҟа инҳажьыз ашықәс сазааҭгылозар. Уи иахьагьы иԥхыӡушәа збоит, избанзар сыԥсабара ацәхьаҵхьан асценаҿы анеиааира, уи сыԥхыӡ иалазаргьы.
Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2022
Аԥсны
"Ҳауа идагәада?": аԥсуа театр аԥхьарбара
Ииасыз ааԥын лаҵарамзеи рашәарамзеи рыбжьара С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысуан Ш. Ҷкадуа икомедиа "Ҳауа идагәада?" арепетициақәа. Уаҟа сара инасыгӡон акомедиограф ипиесаҿы ихадаз Иаза лроль. Ари игәаӷьыуацәаз аус сыдылгалеит арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа. Апремиера мчыбжьык шагыз рашәарамза 17 рзы иаалырҟьаны идунеи иԥсахит сашьа гәакьа. Ацәгьеи абзиеи рышьхәа еивҵами, аԥсыжра ашьҭахьҵәҟьа сара арепетициақәа рахь сгьежьит, асцена сықәлар акәхеит.

Мчыбжьык ашьҭахь рашәара 29 рзы имҩаԥысит аспектакль апремиера. Уи акыр иаԥсахит сара сдунеи. Ԥхыӡушәа избон санҿаз сзызгәышьуаз, акыр аамҭа сызлыхәдааз асцена сахьықәлаз. Ароль ахаҭа сықәҿиоу исықәымҿиоу уи ахәаԥшҩы иоуп изыхәшьадуа, аха сара сыззыхынҳәыз аус даара сгәы шьҭнахит. Ишәцәызӡом, даара исцәыуадаҩын Иаза лроль ашьҭыхра, аха атеатр коллективтә ҟазароуп аҟынтә, уи иалаз актиорцәа зегь сывагылеит.

Премьера комедии Кто из нас глухой? по одноименному произведению Шоты Чкадуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2022
Аԥсны
Асценахь агьежьра: насыԥ зцу Шоҭа Ҷкадуа ирҿиара
Уи инашьҭарххны аепизод аҿы сыхәмарырц исыдыргалеит "Независимый" захьӡыз Ҭемыр Кәакәасқьыри Ҭемыр Ҭаниеи иҭырхуаз асериал аҿы ашкол адиректор лроль. Уи макьана иҭымҵыц ахәаԥшцәа рахь, аха шықәсык аҩнуҵҟа абас анкьатәи сзанааҭ сазааигәахеит ҩынтәны. Ари насыԥуп, ҳәарада.
© Foto / из личного архива Элеоноры КогониаЭлеонора Когониа
Элеонора Когониа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.12.2022
Элеонора Когониа
Иахьеи уахеи снапы злаку аколумнизм атәы сҳәозар, хыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы, иҟоуп акыр аџьа зыдбаланы аԥхьаҩцәа Sputnik Аԥсны аcаит аҿы ирыдызгалаз аколонкақәа рсериа. Уи рызкын бзиа избо ашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуеи Шоҭа Ҷкадуеи. Рҩыџьагьы 90 шықәса рхыҵит, ииашоуп руаӡәы Ҷкадуа ииубилеи дахаанымхеит. Даара сгәы ззыбылуа усумҭақәоуп Гагра ахақәиҭтәреи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи Еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз сколонкақәа рсериа. Уахь иалоуп апоет Таиф Аџьба хабарада дыбжьаӡижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкыз сусумҭа, иара убас аветеранцәа Иури Дбар, Руслан Ҭаниа, Гена Каҷабаа, Светлана Альмешева ргәалашәарақәа. Даара сзыршанхаз жәабжьуп милаҭла иаурысу Николаи Губариов Гагра аккупациа аназуз иҭадырхоз аԥсуаа маӡала анышә иахьамеидоз иазку аҭоурых. Николаи иҳәоит "Аԥсуаа аиааира шыргоз агәра згон" ҳәа. Абарҭ атемақәа Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнагоз аицлабрахь исышьҭит. Аихшьаалақәа рыла сусумҭақәа руакы аҩбатәи аҭыԥ анашьоуп. Есқьынагь еиԥш, сҩымҭақәа рызкын ҳбызшәа азакәан аилагара, иара убас атеатртә қәыргыламҭақәа рыхҳәаақәа.
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2022
Аԥсны
"Саџьал ааигәазаргьы - сгәыӷра хароуп": 30 шықәса Таиф Аџьба ихабар ыҟамкәа
Хымԥада, асоциалтәи аполитикатәи атемақәа рывсшьас иҟаз, убри аҟынтә Sputnik Аԥсны адаҟьаҿы ҳаԥхьаҩцәа ирбар алшон "Ақьаад шкәакәеи аԥсуа политикеи", "Алхрақәа амитингқәа раасҭа ишәарҭахом", "Ацәгьоуцәа раҳаҭыр ҳаразкуа" уҳәа реиԥш иҟаз анҵамҭақәа.
Ашықәс аихшьала ануҳәо, зегь раԥхьаӡа агәабзиара уазымхәыцыр ауам. Аԥхын аҽеиҩшамҭазы омикрон захьӡыз ачымазара сыцрасит, аха сҳақьым Лариса Ҷкадуа лыбзоурала уи саиааит. Уи ашьҭахь реабилитациак аҳасабала Кисловодск ԥсшьарагьы сцеит. Ари ашықәс иалагӡаны ҽааназы аус здызуло анҵамҭақәа ыҟоуп, урҭ цәырызгоит иааиуа ашықәс лаҵарамзазы. Уи изкуп бзиа избо аԥсыуа шәҟәыҩҩык.
Ажурналист амчреи ауаажәлареи дрыбжьацәажәаҩуп. Сазхәыцуеит иҵегь хшыҩзышьҭра зышәҭаша атемақәа ҳаԥхьаҟа ралкаара. Иҟоуп даҽа хҭыскгьы, уи зызку аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны ашәхымс схыҵижьҭеи 5 шықәса аҵроуп. Амаҵзура ахаҭа 2022 шықәса анҵәамҭазы 8 шықәса ахыҵзар, сара раԥхьатәи сколонка "Далырхит, дырхашҭит" скьыԥхьижьҭеи хәышықәса ҵит.
Ҽаанбзиала даҽа зныкгьы аԥхьаҩцәа шәхаҵкы. Исылшаз аиҳа исылымшаз шырацәоу сныруеит, аха еснагь ԥхьаҟа сеиӷьхап ҳәа сгәыӷуеит. Ҽаанбзиала!
Ажәабжьқәа зегьы
0