Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Гагра амшынеисра, акадртә ԥсахрақәа, аминистрцәа реилатәара, COVID-19

© Sputnik Шторм на море
Шторм на море  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит еиҳа иналукааша амчыбжь ажәабжьқәа, абҵара 29 инаркны ԥхынҷкәын 5 аҟынӡа.
Аминистрцәа реилазаара аилатәара аихшьаалақәа, акадртә еиҭакрақәа, Гагра амшынеисра ду уҳәа Sputnik есмчыбжьатәи ахҳәааҿы.

COVID-19

Ареспубликаҿ имҩаԥысуеит акоронавирус иаҿагылан ақәԥара. Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 35407-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 28822-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 531-ҩык.
Абҵара 30 азы аиҳабыра реилатәараҟны афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит ареспубликатә биуџьет аҿы 2022 шықәсазы агәабзиарахьчара иазырхоу аԥарақәа ртәы.
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Делба 2021 шықәсазы Аԥсны COVID аԥырҟәҟәаразы аԥара инырххьоу атәы иҳәеит
2021 шықәса абҵара 30 азтәи арбагақәа рыла 477 миллион мааҭ абиуџьеттә ԥарақәа акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәара иахҭынҵоуп. 2020 шықәса раахыстәи азеиԥш ныхра 730 миллион артәоит, иҳәеит Делба.
Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы агәабзиарахьчара иазырхахоит 440 миллион мааҭ инареиҳаны.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны аиҳабыра реилатәараҿы COVID-19 алаҵәара инадҳәаланы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа далацәажәеит. Быҭәба иҳәеит "Спутник Лайт" 5 212-ҩык, "Спутник V" абҵара 18 аахыс 780 - ҩык иҟарҵахьеит ҳәа.
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2021
Аԥсны
Аԥсны жәамш рыла COVID-19 аҟынтә 700-ҩык алаҵа ҟарҵеит
"Алаҵа ҟазҵо рацәаҩым. Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рахь аҳәара ҟаҳҵоит абри аганахьала аусурақәа дырӷәӷәарц. Иахьатәи аамҭазы алаҵа заҵәык ауп ари ачымазара аԥзырҟәҟәауа", - ҳәа иҳәеит иара.
Уи адагьы аминистр иазгәеиҭеит аныҳәамшқәа рзы ақьафурҭақәа рҿы аҭыԥқәа шаанымхаз.
"Арҭ ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рышьҭахь уаанӡа аиԥш ачымазара еиҳагьы аҽараапкышт. Убри азы аҳәара ҟасҵоит ауаа арҭ аусмҩаԥгатәқәа рҽацәырхьчаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Быҭәба.
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр: Аԥсны аепидемҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аихсра

"Амшынеиқәафымцамч" ахыбра еихсуаз Алхас Хәарцкьиа иганахьала аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҩнытә баандаҩра иқәнаҵеит абҵара 29 азы. Иара ихаҭа аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшаара аусзуцәа дааныркылеит абҵара 27 рзы "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аҿаԥхьа дахьхысуаз азын.
Аусеиларгара адыррақәа рыла, абҵара 25 ауха 22:50 рзеиԥшшәа Хәарцкьиа Аҟәа Гәымсҭатәи амҩаду аҿы иҟоу "Амшынеиқәафымцамч" ахыбра аганахьала аантәы дхысит. Иара убас, бжьынтә дхысит иаанкылараан, уи анаҩс амилициа аузуцәа иабџьар имырхит.
Аҟәатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусеиларгара аҟәша Хәарцкьиа иганахьала ашьаус хацнаркит, амбжьахра, азеиԥшуаажәларратә ҭагылазаашьа аилагара абџьар ахархәарала, иара убас иаанкылараан амчра ахаҭарнакцәа рҿагыларазы.
Хәарцкьиа дызлахысуаз абџьар имхны аекпертизахь ишьҭуп.

Акадртә еиҭакрақәа

Дмитри Дбар Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабыс дҟаиҵеит ԥхынҷкәын 2 рзы. Ахада иусԥҟала Дбар аполковник ҳәа арратә чын ианашьоуп.
Дмитрий Дбар на  первой пресс-конференции в пресс-центре АГТРК  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2021
Аԥсны
Дмитри Дбар Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабыс дҟаҵоуп
Аамҭала Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа наигӡалоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ аинрал-маиор Руслан Ажьиба.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан Зураб Занҭариа, уи уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аиҳабыс дыҟан. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс иҟаз Беслан Ҷкадуа ихы дақәиҭтәын даҽа маҵурак ахь дахьиагахо инамаданы.
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аминистррақәак рхадацәа рхаҭыԥуаа рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп
Ԥхынҷкәын 3 рзы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб рмаҵурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭитәит атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Даҭо Қаџьаиеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Рашь Ҵәыџьбеи. Адҵа кьыԥхьуп Аԥсны аминистрцәа реилазаара асаит аҟны.
Иара убас, Аԥсны аԥыза-министр идҵала Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Дмитри Қәычбериа.

2022 шықәсатәи абиуџьет

Аҩаша, абҵара 30 рзы Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит.
Апроект рыдигалеит Афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иара далацәажәеит абиуџьет алагалатә хәҭеи аныхратә хәҭеи, иазгәеиҭеит 2022 шықәсазы агәабзиарахьчара аусхк ишазырхахо 441 миллион мааҭ.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет апроект шьақәдырӷәӷәеит
2022 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет алагалақәа рыла азеиԥш хашәалахәы иартәоит 11 миллиарди 753 миллиони 437 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, аҳәынҭқарратә биуџьет аныхрақәа рыла зеиԥшла иартәоит 12 миллиарди 293 миллиони 112 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп. Абиуџьет адефицит– 539 миллиони 675 нызқь мааҭ артәоит.
2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азеиԥш хашәалахәы – 9 миллиардки 430 миллиони 558 нызқьи мааҭ ыҟоуп, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара – ԥшь-миллиардки 376 миллиони 513 нызқь мааҭ абрахь иналаҵаны. 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа иаҵанакуеит миллиардки 350 миллион мааҭи.
Иара убас, Аминистрцәа реилазаара 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аныхрақәа рзы 9 миллиардки 970 миллиони 233 нызқь мааҭ ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.
Ареспубликатә биуџьет апроект ахәаԥшразы атәыла ахада изынашьҭхоит.

Ацитрусқәа рекспорт каҳаит

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит, ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа Аԥсны аиҳабыра реилатәараҿы абҵара 30 рзы.
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵахо амандарина ҩынтә еиҵахеит
Иара иажәақәа рыла, ииасыз ашықәс абри аамҭазы Урыстәылаҟа ииаган 12 нызқьи 66 тонна амандарина, сынтәа - 5 нызқьи 692 тонна.
Уаанӡа арадио Sputnik аинтервиу аҭо ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит, 2021 шықәсазы Аԥсны ишазԥхьагәанаҭо 27 000 тонна амандарина Урыстәылаҟа аиагара ҳәа. 2020 шықәсазы ареспубликантәи иалган 68 000 тонна амандарина. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсазы ари рекордтә рбаган.
2021 шықәсазы Аԥсны иазԥхьагәанаҭоит 27 000 тонна амандарина Урыстәылаҟа аиагара.
Мандарины на прилавках московских магазинов - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Ашықәс ҿыц аламҭалазы Урыстәыла амандарина ахә халеит

Амаининг аҿагылара

Абҵарамза 23 инаркны 25-нӡа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи, "Амшынеиқәафымцамчи", Аҳәынҭстандарти русузуҩцәа закәаншьаҭада аус зуаз 93 амаининг шьақәгылақәа аҿырхит, иара убас иадыркит амаининг-хархәагақәа аремонт ахьыҟарҵоз аҟазарҭа.
Лыхны ақыҭан инхо Ҭемыр Ӡиӡариеи, Хыԥсҭа ақыҭан - Осман Чамагәуеи, Аҟәа, Ажәанба имҩа, 51 - Игор Барабаши, Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭан Ефрем Кәарҷиеи рҟны иаарԥшын закәаншьаҭада афымцамч ахархәара.
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2021
Аԥсны
Аԥсны АШәМ аҟны ирҳәеит хымш рыла шаҟа акриптоферма адыркыз
Закәаншьаҭада акриптовалиута арҳаразы амаининг-хархәагақәа аҿазкыз аԥшәмацәа рганахьала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргылоуп. Иара убас, Аҟәа иаркын аппаратқәа аремонт ахьыҟарҵоз аҟазарҭа, аԥшәмацәа зусҭцәоу макьаназы ишьақәыргылам.
Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп афымцамч ахархәара ахьацлацәаз иахҟьаны.

Иӡшьартәу агаз ахәԥса иацҵоуп

Аԥсны аӡшьартә газ Урыстәыла иаанахәоит. Уа ахәқәа ианрыцла, ареспубликаҿгьы ахәқәа шьҭыхтәхеит.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иӡшьартәу агаз ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит.
Газ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара иӡшьартәу агаз ахәԥса ҿыц шьақәнарӷәӷәеит
Ақәҵараҿы иазгәаҭоуп, иӡшьару агаз аҭира мҩаԥызго анаплакқәеи, агазҭаҭәарҭатә станциақәеи, амҩангагатә машьынақәеи аинформациатә рдыргақәа рыла еиқәдыршәарц.
Уаанӡа аилахәыра "Аԥсныбылтәы" аиҳабы Рамаз Џьопуа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан нанҳәа 23 раахыс баллонк агаз 1000 мааҭ иаԥсоуп ҳәа.

Гагра амшынеисра аԥхасҭа ҟанаҵеит

Абҵара 30 ԥхынҷкәын 1 ауха Аԥсны амшын иаԥну ахәҭаҟны аԥшатлакә асуан, амшын ӷәӷәәала ицәқәырԥон.
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2021
Аԥсны
Гагра амшынеисра иахҟьаны аӡыҭгагатә станциеи ҩынқәаки аӡы рыҵалеит
Терешкова лымҩаҿ игылаз ҩынқәаки аӡыҭгага станциа "Репруа-1"-и аӡы рыҵалеит амшынеисра иахҟьаны.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба иҳәеит аӡы рыҵалеит апринц Ольденбурски ихьӡ зху апарк амшын иаԥну аҭыԥқәа ҳәа.

Аҳәынҭқарраҟынтә анхарҭақәа рзеихшоуп

Жьҭаара 28 рзы Аминистрцәа реилазаара хықәкылатәи аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа 2020-2022" аднакылеит. Хықәкылатәи аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" акомиссиа 31-ҩык алнахит 65-ҩык рҟынтәи.
Ацхыраара зауа рахь иаҵанакит:
I агәыԥ аинвалидцәа – быжьҩык;
Аинвалид ма зхәыҷаахыс зхы иамыхәо ахәыҷы знапы дану аҭаацәа – 13-ҩык;
Хәҩыки инареиҳаны ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа - 11-ҩык;
Аҳәынҭқарратә программа аԥҵоуп 2018 шықәсазы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәахьаз апрограммақәа "Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы", "Анхарҭаҭыԥ-2021" рзы рышьаҭала.
Апрограмма "Анхарҭа 2021-2022" мҩаԥысуеит ахнырҳәрадатә шьаҭа аманы, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Зынӡа 80 миллион мааҭ азоужьуп, 40-40 миллион мааҭ еихшахоит 2021 - 2022 ашықәсқәа рзы.
Заседание межведомственной исполнительно-распорядительной комиссии по государственной целевой программе Жилище-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2021
Аԥсны
Иалкаауп аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа-2022" адгыларала анхарҭа ҭыԥқәа зауа

Амчра ахаҭарнакцәа раҳаҭыр аларҟәразы ашьаус

Аԥсны Апрокуратура хада Ашьаусԥшааратә усбарҭа ашьаус хацнаркит Лолита Ҳалуашьԥҳа, Анжела Бранӡиаԥҳа, иара убас идырым шьоукы рганахьала Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 321 "Атәыла анапхгара раҳаҭыр аларҟәра" ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоуразы.
Генеральная прокуратура Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2021
Аԥсны
Аҟәатәи ҩыџьа аҳәса атәыла анапхгара раҳаҭыр ладырҟәуан ҳәа ашьаус хацыркуп
Абри атәы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа данырԥылоз иреиҳәеит Аҟәа ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь.
Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 3 рзы, уахь ааԥхьара рыҭан азинхьчаҩцәа иҟалаз аҭагылазаашьа реилдыркаарц азы: иҟалаз, шыҟалаз, изхароу рарҳәарц.
Ашьаусԥшаара агәаанагарала, Ҳалуашьԥҳаи Бранӡиаԥҳаи асоциалтә ҳақәа рҟны даҽа хьыӡқәак рыла рҽаҵаҩны анонимтә даҟьақәа рҟынтәи атәыла анапхгараҿ иҟоу ауаа раҳаҭыр лазырҟәуаз анҵамҭақәа ҟарҵон.
Апрокурор ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала, азинхьчаҩцәа агәҩара ззыҟоу аҳәса рыҩџьагьы рыҩнқәа ирыҩналаны иҟаз гәарҭеит, ашьаусԥшаараҿы ирыхәашаз арҵабыргыгақәа рымырхит. Аԥшаарақәа мҩаԥыргон ҩ-ҭыӡҭыԥк рҿы - аҳҭнықалақь агәани Аҳабла ҿыц аҿи Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа алархәны. Аҩбатәи аҭыӡҭыԥ аҿы агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз, ауаҭах аҿы ахысра ҟалеит. Ихысыз дазусҭоу шьақәыргылоуп.
"Абыржәтәи аамҭазы Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы ишьҭоуп ихысыз атәылауаҩ Қаџьаиа иганахьала агәаҭаратә материалқәа. Имҩаԥыргоит иҟалаз ахҭыс зыхҟьаз аҭагылазаашьақәа, хара имгакәа иара ихымҩаԥгашьа ашьаус-зинтә хәшьара аиуеит, уи иганахьала ашьаус ахацыркра азҵаарагьы ӡбахоит", - иҳәеит Ҭраԥшь.
Апарламент адепутатцәа апрокуратура аусзуҩцәа ирарҳәеит ауаҭах аҿы иҟалаз ахысра ишақәнагоу обиективла иҭырҵаарц.

Шьепкинтәи аҵараиурҭахь иреиӷьу алыркааит

Шьепкин ихьӡ зху Иреиҳау атеатртә ҵараиурҭа азанааҭ "Актиортә ҟазара" ахь аҭаларазы Аҟәа иалырхит 15-ҩык абитуриентцәа.
Отбор на поступление в театральный институт Щепкина в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.12.2021
Аԥсны
Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа аҭаларазы Аԥсны абитуриентцәа алхуп
Абитуриентцәа ралԥшаара мҩаԥысуан Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алексеи Дубровски напхгара зиҭоз адкыларатә комиссиа аҿаԥхьа изхысуаз аԥышәарақәа рылҵшәақәа рыла. Аԥышәарақәа мҩаԥысуан Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ԥхынҷкәын 2 инаркны. Аԥсуа абитуриентцәа рдыррақәа ргәаҭаразы Аԥсныҟа хықәкыла иааит аԥышәа змоу урыстәылатәи арҵаҩцәа.
Аԥышәарақәа ирхысит ԥшьҩык аҭыԥҳацәеи 11-ҩык арԥарцәеи: Асҭан Агрба, Александр Габлиа, Иракли Делба, Асҭан Џьынџьал, Данил Џьынџьал, Руслан Иванов, Лана Лашәриаԥҳа, Русҭана Лышәԥҳа, Амин Мазлум-оӷлы, Максим Малиа, Ариана Мамацева, Софиа Ҭарԥҳа, Артиом Ҭраԥшь, Давид Ҵулукьиа, Аманда Чепиа.
РУСДРАМ аиҳабы Иракли Хынҭәба ишиҳәаз ала, алԥшаарақәа рышьҭахь Шьепкин ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы ҷыдала аԥсуа гәыԥ аԥҵахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0