Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аоперациа ҷыда адгылара, COVID-19 ахҽра, акандидатцәа рҭаҩра ахыркәшара

© Sputnik / Томас Тхайцук Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум
Прибытие беженцев из ДНР и ЛНР в Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 28 инаркны хәажәкыра 6 рҟынӡа ареспубликаҿы иҟаз ахҭысқәа реизак.
Ииасыз амчыбжь азы Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла акоронавирус Аԥсны ихҽуа иалагеит, ауаажәларра Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аусқәа адгылара рырҭоит, Жәлар Реизарахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара хыркәшоуп, анефҭаалыҵқәа еидкылани акакалеи раахәара ахәԥсамҩаԥгара аԥҟара ҿыц шьақәыргылоуп.
Sputnik

Ишәарҭам алхрақәа

Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рыламҭалаз COVID-19 аҽацәыхьчаразы абжьгарақәа шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа хада.
Абжьгарақәа инарықәыршәаны абжьыҭара мҩаԥысуазароуп аԥенџьырқәа змоу ауадақәа рҿы, урҭ аатуазароуп аԥшаҩнарсраз. Иалшозар, аҩналарҭеи адәылҵырҭеи хаз-хазызароуп.
Асоциалтә бжьаӡара акәзар, 1,5-2 метрак иҟазароуп. Арахь иаҵанакуеит алхыҩцәа реиԥш алхратә комиссиа алахәылацәагьы анаԥшцәагьы рыбжьара. Убри аан акомиссиа русушьа еилыкка иубозароуп.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра алхрақәа рыламҭалаз COVID-19 азы азԥхьагәаҭарақәа акьыԥхьит
Аҩналарҭаҿы анеирҭа-ааирҭа ахырхарҭақәа арбазароуп ауаа рацәа меизарц азы. Иара убасгьы иахәҭоуп авирус аҽацәыхьчаразы абжьыҭара инеиуа ауаа рзы арзҩыдаратә хархәагақәа ахьрырҭо аҭыԥ. Уи адагьы алхырҭатә ҭыԥцыԥхьаӡа акоронавирустә инфекциа азԥхьагәаҭараз ардыррақәа кыдҵазароуп.
Алхратә комиссиа алахәылацәа рнапқәа дырзҩыдалароуп, асабрадақәа ес-хсааҭк ирыԥсахлароуп.
Анҭыҵтәи абжьыҭараангьы арҭ агәҽанҵарақәа хымԥадатәуп: антисептикқәа рыла ашә азарзақәеи еиҭарго акәалаԥи арзҩыдара, зныкшәҵаратә халаҭқәа, анапхаҵақәа, асабрадақәа рымазароуп, рсоциалтә бжьаӡара 1,5-2 метра еиҵамзароуп.
Хәажәкыра 2 азы Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рыплан инақәыршәаны, Аԥсны Алхратә комиссиа хада адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хнаркәшеит. АКХ аҟны ашәҟәы иҭагалоуп 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса. Адепутаттә мандат аиуразы еиндаҭлоит Апарламент афбатәи ааԥхьара иатәыз 19-ҩык адепутатцәа.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хыркәшахеит
14-ҩык акандидатцәа аполитикатә партиақәа рҟынтәи иқәыргылоуп: ааҩык –апартиа "Амцахара", ҩыџьа – апартиа "Аԥсны", ҩаџьа – Аекономикатә ҿиара апартиа, аӡәы – Аԥсны жәлар рпартиа, аӡәы - "Аиашареи аҿиареи рзы Аԥсны жәлар рыфронт ".
Аханатә ашәҟәы иҭагалан 133-ҩык, АКХ аҟны ишазгәарҭаз ала урҭ рахьтә жәҩык иахәҭаз ашәҟәқәа аларымҵеит. Дәрыԥшьтәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат ашәҟәы дҭыргеит.

Акоронавирус хьаҵуеит

Аԥыза-министр Александр Анқәаб агәабзиарахьчара азҵаарақәа инарыдҳәаланы аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит хәажәкыра 4 азы.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны COVID-19 лаҟәуа иалагеит, ахәшәтәырҭақәа ирҭоу еиҵахеит ҳәа азгәеиҭеит аилацәажәараҿы.
Быҭәба иҳәеит амедицинатә ҵәыҵәри шрызхо, аҭаҵәах-цҵа шеиҿкаау.
Хәажәкыра 5 азтәи адыррақәа рыла иахьазы ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 70-ҩык ачымазцәа, рҭагылазаашьа хьанҭоуп – 20-ҩык.
Лечение Covid-19 в больнице города Котовска - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны COVID-19 лаҟәуа иалагеит ҳәа азгәанаҭеит
Хәшәла аиқәыршәара акәзар "Аԥсныфармациа" аиҳабы Рустам Адлеиба иинформациала ашықәс иалагазар ахәшәтәырҭақәа ирыҭоуп 50,8 миллион мааҭ рыхә (Актемра, Артлегия назлоу).
Хәшәла аиқәыршәара акәзар "Аԥсныфармациа" аиҳабы Рустам Адлеиба иинформациала ашықәс иалагазар ахәшәтәырҭақәа ирыҭоуп 50,8 миллион мааҭ рыхә (Актемра, Артлегия назлоу).
Анаплакы иара убасгьы зыда ԥсыхәа ыҟам ахәшәқәа – агемодиализ ҟазҵо, акьыбачымазара змоу ирзеихнашоит ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит, арезерв аиҿкаара аҵак ду аманы дшахәаԥшуа, ахәшәҭирҭатә индустриаҿы ахәԥсеиҿкаара аҽеиҭанакыр ахьалшо азы.

Аԥҟара ҿыц

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара анефҭаалыҵқәа рыҭиратә цҵа зыԥҵәақәеи иааидкылани акакалеи рыхәԥсақәа рхархәареи шьақәнарӷәӷәеит хәажәкыра 1 азы.
Аиҳабыра рықәҵарала 2022 шықәса лаҵара 1 аҟынӡа абензин АИ-92 ацҵатә зыԥҵәа 6-14 %, адизельтә былтәы ацҵатә зыԥҵәа 2-5 % рҟны ишьақәыртәахоит.
Ақәҵара апроект рыдылгалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Лара иазгәалҭеит, анефҭаалыҵқәа рџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа уеигәырӷьартә ишыҟам, ари зыхҟьо аекономикатәии аполитикатәии аҭагылазаашьақәа роуп ҳәа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны абылтәыҭыҭәарҭақәа рҿы абензини адизельтә былтәи рыхә шьҭыҵит.
Заседание Кабинета Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара анефҭаалыҵқәа рыҭиратә цҵа зыԥҵәақәа шьақәнарӷәӷәеит
Амҽыша, хәажәкыра 6 азы Аԥсны амашьына абзиабаҩцәа анефҭаалыҵқәа рыхә ашьҭыҵра агәынамӡара рызцәырнагеит. Жәаҩыла ауаа Ахақәиҭра ашҭахь инеит, аҳәамҭа ҟарҵеит ахәқәа цасҳәа ихаргалоушәа аҭагылазаашьа шырбо. Дара аиҳабыра ирыдырҵеит аилаӡарақәа ддырбарц, баша аӡәы изы ахәқәа рыцҵара шымҩаԥымсуа агәра ддыргарц.
Ахақәиҭра ашҭахь днеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, лара еизаз рызҵаарақәа рҭакқәа ҟалҵеит. Аганқәа еицәажәеит аиҳабыра рҿы еиԥыларц.
Мышқәак раԥхьа Озган аиԥылара мҩаԥылгеит анефҭаалыҵ аҭира иалахәу аилахәырақәа рхаҭарнакцәа алархәны. Уа ирылацәажәан ареспублика анефҭаалыҵқәа рыла аиқәыршәареи ахәқәа рыԥсахреи.
Иҳәан 2021 шықәсазы Урыстәыла ишьақәыргылаз ахәқәа есымша иахьрызҳауа азы аилахәырақәа ишрылымшо аҵыхәтәа-хәыԥсақәа рышьақәыргылара.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла азҵаара аҭышәныртәалара аҽа формак – иаахәоу аалыҵқәа рыхәԥса ацҵа ахылаԥшра аҭара ианаамҭоу урыстәылатәи аџьармыкьаҿы ахәыԥсақәа реиҭакра ацныҟәара ауеит.

Ашәарақәа рыцҵара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит аус зуа аҭаацәа рҟны ахшара иира ашьҭахьтәи ашәара 13 500 мааҭ аҟынтәи 15 000 мааҭ рахь ишьҭыхзарц.
Уи адагьы зцәа зтәым аҳәса заа ашәҟәы рыҽҭагалараан ашәара 800 мааҭ аҟынтәи 1000 мааҭ рахь ишхаргало ҳәан.
Младенец  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Аус зуа аҭаацәа ахшара дахьроуз азы ирзыршәо ацхыраагӡа иацырҵоит

Донбасстәи ахҵәацәа

Донбассынтәи ахҵәацәа ргәыԥ ҿыц Аԥсныҟа иааит ахаша, хәажәкыра 2 азы. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Аҟәаҟа иааргеит Донецктәи жәлар рреспублика аҟынтәи 17-ҩык ауааԥсыра, дара апансионат "Аиҭар" ахь инагоуп. Иааз рҟынтәи жәаҩык хәыҷқәоуп.
Аԥсны АҶА адыррақәа рыла зынӡа Аԥсны 118 хҵәацәа ыҟоуп Донбассынтәи.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа хәажәкыра 3 азы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иҟоу Донбасс ауааԥсыра дырҭааит.
Аслан Бжания  встретился с беженцами из ДНР и ЛНР в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит
Бжьаниа ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра иреиҳәеит атәыла анапхгареи аҳҭнықалақь ахадареи ирылшо зегь шыҟарҵало ауаа имшәа-имырҳа рыҟазааразы.
"Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа ргәалашәараҿ Аԥсны акыр аамҭа иаанхарц, анаҩс аԥхьаҟагьы иаҳзааларц, ҳаизгәакьахарц. Шәҭыԥҳацәа ҳарԥарацәа ԥҳәысс ирго, ҳҭыԥҳацәагьы шәара шәахь ицо иҟалааит", - иҳәеит ахада уи алагьы изыӡырыҩуаз агәалаҟазаара рыҭо.
Ахада иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалар ареспублика шазыхиоу еиҭагьы ауаа рыдкылара.
Хәажәкыра 1 азы, ахҵәацәа раԥхьатәи агәыԥ алахәылацәа рзы Афонҿыцтәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбеит, Афонҿыцтәи ауахәамаҿы ацәашьқәа адыркит, рфотосахьақәа ҭырхит.
Теймураз Хишба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Хышба Аԥсны атуристтә еилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Донбассынтәи ахҵәацәа ацхыраара рырҭарц
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсны атуристтә еилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Донбассынтәи ахҵәацәа ацхыраара рырҭарц.
"Абри аамҭа уадаҩ азы Аԥсны атуристтә еилазаара шәахь аҳәара ҟасҵоит Лугански Донецки рҟынтәи иааз ахҵәацәа ишәылшо ала ацхыраара рышәҭарц", - иҳәеит Хышба.

Аоперациа ҷыда адгылара

Аԥсны ауаажәларратә палата Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыдеи Донецки Лугански рхьыԥшымра азхаҵаразы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иӡбареи ирыдгылеит .
Донбасс ажәлар аашықәса аибашьра иалагылан, Аԥсны ауаажәлар аҭынчра аҵакы бзианы издыруа урҭ еилыркаауеит ҳәа азгәарҭеит Апалата алахәылацәа.
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥсны ауаажәларратә палата Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда иадгылоит
Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа инарыдҳәаланы агәҭынчымра аадырԥшуеит, Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ԥсыхәа змам усуп ҳәа рҳәеит аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи.
"Ҳара ҳақәгәыӷуеит Урыстәыла, Украина абџьархыхразы имҩаԥнаго ашьаҿақәа аамҭалатәиуп ҳәа. Ари зыда ԥсыхәа ҟамлаз уснагӡатәуп, атәылақәа рыҩбагьы Мраҭашәара иҟанаҵо арра-политикатә қәыӷәӷәара аԥзырҟәҟәаауа шьаҿоуп", - ҳәа рҳәеит аԥсуа интеллигенциа.
Человек держит украинский флаг, когда активисты собираются на площади Лафайет в знак протеста против вторжения России в Украину в Вашингтоне - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аинтеллигенциа Украина иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит
Аԥсны АҶА акәзаргьы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда адгылара арҭеит Ахақәиҭра ашҭаҿы ртехника алатын нбан "Z" асахьа аҭаны иргыланы.
Иара убасгьы, аиқәырхаратә усбарҭа Донбасс ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аизгара рыланаҳәеит. Аидара шеизакхалак АҶА аусзуҩцәа уи Донецки Лугански ареспубликақәа рахь имҩаԥыргоит.

Ахадацәа ргәалашәара

Хәажәкыра 4 Аԥсны аҵакы змоу рыцхәуп. Абри амш аҽны, 101 шықәса раԥхьа хәажәкыра 4, 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан.
День установления Советской власти отметили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит
Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит. Араион анапхгара, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа, аруаа, ауаажәларратә усзуҩцәа асовет револиуционер Нестор Лакоба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иԥсҭазаара даналҵ амш аҽны хәажәкыра 4, Алада Ешыра ақыҭан.
Президент Республики Абхазия возложил цветы у мемориала Владислава Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Жәаҩа шықәса Владислав ида: Аԥсны дыргәаладыршәеит раԥхьатәи ахада
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 азы. Сынтәа иара иихыҵуазаарын 73 шықәса, есышықәса еиԥш сынтәагьы ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Экс-президент РА Сергей Багапш. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аҩбатәи ҳхада: Сергеи Багаԥшь 73 шықәса иихыҵуазаарын

Аԥхьарбареи ацәыргақәҵеи

РУСДРАМ аспектакль ҿыц "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" аԥхьарбара мҩаԥысит хәажәкыра 5, 6 рзы.
Амоноспектакль режиссиорс дамоуп Мариа Романова, лара ахәаԥшцәа деицырдыруеит иқәлыргылахьоу лусумҭақәа "Кровавая свадьба", "Радость вопреки всему", "Бродский" рыла.
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Зынасыԥ зцымныҟәаз: РУСДРАМ амоноспектакль апресс-рбара мҩаԥысит
"Аиаша шәасҳәоит, аҩымҭа сгәаҵанӡа инеит. Ибзианы аилкааразы сыбжьы ҭыганы саԥхьаруп, саԥхьон амшын аԥшаҳәаҿы. "Саблит" аҩымҭа, сгәы иаахәоит уи ацәаныррақәа ахәаԥшцәа рҟынӡа исызнагар. Зҭак смоуз амаӡақәа рацәоуп. Аԥхәыс лыԥсҭазаарала Аԥсны аҭоурых аарԥшуп", - лҳәоит Романова.
Асахьаҭыхыҩ Игор Циминтиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аҟны хәыжәкыра 4 азы.
Выставка Игоря Циминтия в музее боевой славы в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥсҭазаара аԥшшәы: Игор Циминтиа иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Гәдоуҭа
Ицәыргақәҵоуп 1994 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа автор инапы иҵеихыз 49 усумҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп апортретқәа, апеизаж, анималистика, анатиурморт.
Ацәыргақәҵа аартра амш азы иара иаҭааит жәаҩыла амчра, акультура, аҟазара абзиабаҩцәа рхаҭарнакцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0