Акультуратә-гәыҳалалратә фонд "Ашана" - Аԥсны аус зуа иакзаҵәыку фондуп, ӷәӷәала ичмазаҩу ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аԥара еидызкыло.
Афонд аусура иалагеит 2011 шықәсазы ацхырааратә программақәа фба рыла. "Ашана" ахәыҷқәа иреиӷьу Урыстәыла, иара убас Ҭырқәтәыла, Израиль, Германиа ахәышәтәырҭақәа рахь рышьҭразы ацхыраара ҟанаҵоит.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анастасиа Бадиаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара иалагеит.
2017 шықәса нанҳәамзазы жәеиза шықәса зхыҵуаз Кьасоу Лаӷынӡиа инапы абаҟахаҳә ақәҳаит. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аоперациаз аԥара еизганы Новосибирсктәи аклиникақәа руак ахь дрышьҭит.
Москва Агәабзиарахьчара адепартамент аҭҵаарадырра-практикатә Центр аҿы быжьшықәса зхыҵуа Леон Қриа ихәышәтәразы 250 000 мааҭ аҭахуп.
Абҵара 12 асааҭ 11:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа рыцхырааразы ансамбль "Ерцахә" имҩаԥнагараны иҟоу агәыҳалалратә концерт иазку апресс-конференциа.
Ԥшьышықәса зхыҵуа Елина Ереван, Атравмоталогиеи аортопедиеи Рцентр аҿы аоперациақәа ҩба лзуразы еизгатәуп 260 000 мааҭ.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" жәларбжьаратәи апроектқәа напхгара рызҭо Есма Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Москва еиҿкаау ацәыргақәҵа "Аҟазара аԥсҭазааразы" шымҩаԥысуа.
Ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыҭира-цәыргақәҵаан илххо аԥара азырхахоит афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо Анелы Лакашьиаԥҳа лыхәышәтәра.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Наала Аҩӡыԥҳа, Николь Хачатуриан, Сандра Инаԥшьԥҳа рзы аԥареизгара хацнаркуеит.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит аԥареизгара жә-шықәса зхыҵуа Викториа Аиԥҳа лзы.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит аԥареизгара 4 шықәса зхыҵуа Викториа Гобечиаԥҳа лзы.
2018 шықәсазы афонд еизнагеит 9 миллион мааҭ аԥара ахәыҷ-чымазцәа ацхыраара рыҭаразы.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" фышықәса зхыҵуа Леон Қриа изы аԥареизгара иалагеит.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" хы-шықәса зхыҵуа Давид Лагәлаа ихәышәәтразы аԥареизгара хацнаркит.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит Манучар Чантуриеи Альберт Урусиани рыхәышәтәразы аԥареизгара. Заԥхьаҟа испортсменхашеи искульпторхашеи арҭ ахәыҷқәа ауаа зегь реиԥш иҟазаарц азы еизгатәуп 175 нызқь мааҭ.
Михаил Реиман (Аԥырԥалыкь асиндром имоуп) изы Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагоит.
Агәыҳалалратә фонд "Ашана" ДЦП змоу ахәыҷқәа рзы аԥареизгара хацнаркит.
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит шықәсык зхыҵуа Мариа Коротич лыхәышәтәразы. Томсктәи аҭҵаарадырратә институт аҟны иҟарҵо аоперациа ахәԥса 500 000 мааҭ артәоит.
Жәаха шықәса зхыҵуа Руслан Дорошенко хәыҷык иҳасаб ала бзиа ибоит аҩра, аԥара, ахәмарра, аха урҭқәа аҳақьымцәа иҟалом рҳәеит, избанзар игәы амалыр аманы диит. Руслан ичымазара ахьӡ ҷыда амоуп: "Тетрада Фалло". Уи амалыр змоу агәы еиҳа иуадаҩу хкны иҟоуп. Ианаамҭо аоперациа ҟаҵамзар, аԥсра ахылҿиаар алшоит.
Томсктәи аҭҵаарадырратә кардиологиатә институт аҟны иазыхиоуп Руслана Дорошенко аоперациахь идкылара. Аоперациа миллионки 65 нызқь мааҭ иаԥсоуп.
Москва агәыбзеирахьчара адепартамент аҿы ДЦП змоу Самир Габелиа ацхраара иҭара иазыхиоуп.