Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Апарламент ахь алхрақәа аҽазыҟаҵара, абиуџьет, ахада иҿаԥхьа аҳасабырба

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 14-20 рыҩнуҵҟа иҟалаз иналукааша ахҭысқәа.
Аԥсны Апарламент ааԥынтәи асессиа актәи аилатәара, ахадеи аусбарҭақәа реиҳабацәеи реиԥылара, Донбасс аҭагылазаашьа ашәарҭареи Аԥсны ацхыраара аҟаҵара азыхиареи уҳәа Sputnik ахҳәааҿы.
Sputnik

Ахада иҿы аиԥылара

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит атәыла аекономикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәеи 2021-тәи ашықәс аихшьалақәеи ирызкны.
Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәлариа афонд 2021 шықәсазтәи абиуџьет ахашәалақәа рынагӡара атәы дазааҭгыло иҳәеит иааидкыланы абиуџьет ахашәалақәа аныхтәқәа раасҭа еиҳаны инагӡоуп ҳәа. Иара иҟаиҵаз адыррала, уи иартәеит 4,7 млн мааҭ. Ишәам ацәынха иартәеит 47,5 млн мааҭ.
Ианаамҭоу финансла аиқәыршәара иаԥырхагоуп ҳәа мзыз хадас Гәлариа иааигеит 2020 шықәса азы афонд абиуџьет иазԥхьагәаҭаз аԥара нагӡаны ахыԥхьаӡалара шалымшаз аҷыдалкаатә ҭагылазаашьеи COVID-19 иахҟьаны иаалырҟьаны аԥкрақәа ралагалареи.
Президент Аслан Бжания провел расширенное заседание - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа имҩаԥигеит 2021-тәи ашықәс алҵшәа хадақәа ирызкыз инарҭбаау аилатәара
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа имҩаԥгоу аусура атәы дазааҭгыло, иҳәеит 2021 шықәса азы иахыԥхьаӡалоу аҳазалхратә шәатәқәа рырбагақәа ишдыртәаз 2 млрд 732 млн. мааҭ, ари 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 577 млн мааҭ рыла еиҳауп иҳәеит иара.
2021 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла арбага хадақәа рынагӡара ишартәаз 107,8%. Ашәахтәтәи егьырҭ ихымԥадатәу ашәатәқәеи рзеиԥш мҽхакы 2021 шықәсазы иартәеит 3 млрд 400 млн мааҭ.
Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит 2022 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара аҿҳәара арццакразы алшарақәа зегьи амеханизмқәеи рхы иадырхәарц.
Вид на Сухум с птичьего паллета   - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аҟәа амҩақәа рҭагылазаашьа иаарласӡаны ирҽеизарц адҵа ҟаиҵеит

Донбасс ацхыраара

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа шәарҭахеит — Киев уаанӡа изеицықәшаҳаҭхахьаз зегьы мап рыцәкуа ДЖәР-и ЛЖәР-и иареи рҳәааҿы архәҭақәа жәпакы аргылеит, убри ахыԥхьаӡараҿы иҟоуп зхархәара ҟамло атехникагьы.
Украина еибашьрала ирықәлоит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ЛЖәР-и ДЖәР-и ртәыла иалыргоит аҳәсеи, ахәыҷқәеи абыргцәеи Ростовтәи аобласт ахь, иара убас абџьар акра зылшо зегьы рҽеизыргарц адҵа ҟарҵеит.
Иаҭаххар, Аԥсны азхиоуп Донбасс арратәи агуманитартәи цхыраара аҭара ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ахада Аслан Бжьаниа.
"Ҳара ҳгәы арҭынчуам Донбасс имҩаԥысуа ахҭысқәа. Иаалырҟьаны Украина аганахьала изҿу аибарххара есааира аӷәӷәахара агәҭынчымра унамҭар залшом. Рыцҳарас иҟалаз, Киев анапхгара аиҿцәажәаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аимак аҭышәныртәалара иаартны мап шацәнакуа убартә иҟалеит", - ҳәа ануп ахада иҳәамҭаҟны.
Аслан Бжьаниа иара убас иазгәеиҭеит, ҳтәыла анапхгара ДЖәР-и ЛЖәР-и реиҳабыреи дареи иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу.
Аԥсны ахада агәыӷра ааирԥшит Киев аҟәыӷареи ахара хәыцреи аарԥшны ҭынч мҩала аимак аҭышәныртәалара ишазнеиуа.
Жәабран 18 азы Аԥсны АҶА аҳәамҭа ҟанаҵеит Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа рҟынтәи рколлегацәа рыцхыраара ишазыхиоу.
МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА Донбасс ауааԥсыра арыцхраара ишазхиоу атәы аҳәеит
Иара убри амш азы, Аҟәа азхиоуп Донецктәи жәлар рреспубликеи (ДЖәР) Лугансктәи жәлар рреспубликеи (ЛЖәР) руааԥсыра рыдкылара арегион аҿы аҳәаақәа иахьрыԥну аҭагылазаашьа ахьшәарҭахаз азы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идҵала иара ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡеи Асҭамыр Ашәбеи Донецки Лугански рхадацәа ҭелла рыҽрымардеит, иагьрарҳәеит иаҭаххар, урҭ ареспубликақәа руааԥсыра рыдкылара ишазхиоу.
Донецки Лугански рхадацәа Алексеи Кулемзини Манолис Пилавови Аԥснытәи рколлегацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит ари аҩыза ахьрыдыргалаз.
Флаг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2022
Аԥсны
Аҟәа азхиоуп Донбасс аибашьра ҵысуеит ҳәа иҟоу ашәарҭара иахҟьаны ахҵәацәа рыдкылара

Алхрақәа аҽырзыҟаҵара

Иааидкыланы ари аамҭазы АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 119-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа. Жәабран 18 азы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы ихатәы ҳәарала ашәҟәы дҭыргеит Дәрыԥшьтәи 16-тәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутрахь ицоз акандидат.
Адепутатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит хәажәкыра 2 аҟынӡа. АКХ ахь иахәҭоу ашәҟәқәа зегьы нагатәуп жәабранмза 20 рҟынӡа.
Зынӡа АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба, дара рҟынтәи алхрақәа ирылахәуп 15-ҩык.
Выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны Жәлар Реизара алхрақәа рахь жәларбжьаратәи анаԥшцәа 30-ҩык ааԥхьара рымоуп
Алхрақәа рахь иааԥхьахьоит 30-ҩык жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа: Урыстәыла, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи. Ааԥхьамҭа нашьҭуп Урыстәыла Афедерациатә хеилаки Аҳәынҭдумеи рахь.
Алхрақәа рбиуџьет иартәоит 20 миллион мааҭ.

Апарламент аилатәара

Жәабран 17 азы иаатит Апарламент ааԥынтәи асессиа аилатәара.
Аԥсны Апарламент 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы жәабран 17 азы имҩаԥысыз аилатәараан.
Парламент РА  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны
2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәдырӷәӷәеит Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы
Ареспубликатә биуџьет алагалақәа рзеиԥш шәагаа шьақәырӷәӷәан 9 миллиардки 430 миллиони 558 нызқь мааҭи ҳәа, убри ахыԥхьаӡараҿы Урыстәылантәи иааз афинанстә цхыраара:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазоурыжьыз 4 миллиардки 376 миллиони 513 нызқь мааҭ,
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рынагӡаразы миллиардки 350 миллион мааҭи.
Иара убас, ишьақәырӷәӷәан 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аныхымҭақәа зеиԥшла 9 миллиардки 984 миллиони 733 нызқь мааҭ. Ареспубликатә дефицит 2022 шықәсазы ишьақәнаргылоит 554 миллиони 175 нызқь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьет апроект рыдыркылеит аԥсахрақәа алагаланы. Ахәҭаҷ "Амилаҭтә економика" иалхын 55 миллиони 500 нызқь мааҭи рыхә аныхтәқәа Гәдоуҭа араион аҿы аполимертә ӡымҩангагақәа ҭзыжьуа азауад аргылараан иҟалаз азарал архынҳәразы. Иара убас, Аԥсны Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусура иазоужьыз 39 миллион мааҭ рҟынтәи 26 миллион рҟынӡа иагырхоуп.

Аиҭакрақәа аларгалеит абиуџьеттә ԥарақәа 100 миллион мааҭ "Амшынеиқәафымцамч" азоужьразы афымцамчԥхьаӡагақәа раахәареи рықәыргалареи азы, иара убас 50 миллион мааҭ азоужьзарц Аԥсны афымцамч аусхк ацхрааразы иаҭаху аматериалқәа рзы аҭаҵәахқәа рымазарц азы. Ирықәшаҳаҭымхеит абжьаратәии абизнес маҷи рыцхрааразы 50 миллион мааҭ азоужьтәым ҳәа иаԥшьыргаз аиҭакрақәа.

Апарламент ақәҵара инақәыршәаны ажьырныҳәа 1 2022 шықәса нахыс АСИС алагалахоит азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьи асахьаҭаҩратәи атехника ахархәарада.
2022 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны аусура иаларгахоит: Аԥсны Арбитражтәи Аконституциатәи ӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-информациатә система; азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьии асахьаҭаҩратәи атехника ахархәара.
Хра злоу ахҭысқәа: Бранӡиа Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара атәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2022
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Бранӡиа Жәлар Реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара атәы

Акоронавирус аҭагылазаашьа

Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 50 558-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 42 219-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 637-ҩык.
Аҽа 30 иара-ҭыԥ аадыртит Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҿы ҳәа лҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Ангелина Оҭырԥҳа.
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2022
Аԥсны
Гәдоуҭатәи аковид-хәшәтәырҭаҿы иаадыртыз аҟәша-цҵа ҩымш рыла иҭәит
Уи аԥхьа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит Гәдоуҭа аҭыԥцҵақәа аадыртраны ишыҟоу. Иара ҩымш рыла иҭәит.
Ангелина Оҭырԥҳа лажәақәа рыла акоронавирустә инфекциа змоу ачымазцәа еиҵахом иҟоу аԥкырақәа аӡәгьы дахьрықәымныҟәо азы ҳәа.
Ажьырныҳәа 27 аахыс атәыла ашколқәа акарантин ахь иҟоуп.
Жәабран 21 инаркны Аҟәатәи ашколқәа зегьы, абжьаратә школ № 2 ада, Гали Очамчыреи араионқәа рышколқәеи рхәыҷбаҳчақәеи аҵара иазыхынҳәуеит. Жәабранмза нҵәаанӡа Гагра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ахь иҟазаауеит.
Пустой школьный класс  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Аԥсны
Гали Очамчыреи араионқәа рҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи жәабран 21 рзы аусура иалагоит

Афымцамч аҭагылазаашьа

Жәабран 15 азы АУН "Амшынеиқәафымцамч" афымцамч аҭираз аҟәша аиҳабы Алхас Ҷанба Sputnik Аԥсны апресс-конференциа мҩаԥигеит. Уа иара далацәажәеит ииасыз ашықәс азы алашара ахархәаразы аԥареизгара шымҩаԥысыз атәы.
2021 шықәсазы 396 миллиони 340 нызқь мааҭ еизган, ари 41,7 процент артәоит иҳәеит Ҷанба. 2019 шықәсазы еизган 366 миллиони 963 нызқь мааҭ - 54,3%. 2020 шықәсазы еизган 322 миллиони 114 нызқь мааҭ – 40,3%. 100 миллионк инеиҳаны еизгоу ахьеизнагаз Аҟәа ақалақь аҿоуп.
Алхас Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Аԥсны
Ҷанба афымцамч ахархәара ахәԥҵәа аиҭакра далацәажәеит
Ареспубликаҿ иалагалоу аамҭа-аамҭалатәи афымца арцәара далацәажәо Ҷанба иҳәеит ари ада ԥсыхәа шыҟамыз. Убри аан иазгәеиҭеит афымцалашараз аԥарашәареи инарышьҭуа амчхареи шеидҳәалоу. Атәылауаа аԥарашәара иаҟәыҵыр ареспублика иамоу алашарагьы ацәыӡыр шалшо.
Аԥсны афымцатә ҳа ауадаҩра дуқәа амоуп изҵоу аидарақәеи аинфраструктура ахареи ирыхҟьаны. Уи инадҳәаланы ареспубликаҿ акриптоԥара арҳарагьы азин ҟаҵам. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 21 аахыс Аԥсны аиҳарак алашара Урыстәылантәи иаиуеит. Аамҭеихшала афымцалашара арцәарақәа аԥыхуп аидарақәа ирыхҟьаны аԥкрақәа рыда.
Уи адагьы иара иҳәеит аиурист хаҿқәеи акоммерциатә наплакқәеи афымцамч ахархәаразы иршәо ахәԥса еиҭакхоит ҳәа.

Акриптоԥара амаининг далацәажәо Алхас Ҷанба иҳәеит абри аганахь ала "Амшынеиқәафымцамч" амчра шыԥку. Иара иҳәеит акриптоферма аарԥшраан аиҿкаара аусзуҩцәа иахәҭоу адокументқәа шеиҿыркаауа, ишәатәу ахараԥса шышьақәдыргыло, аха азакәанеилагаҩцәа анырра рызҭаша азинмчра шрымам.

Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада аус адызуло анардадатә еиҿкаара аҟазауаа рделегациа Аԥсныҟа иааит жәабран 16 азы. Аиҿкаара аҟазауаа еиуеиԥшым асценариқәа ааргеит.
Урыстәылатәи аҟазауаа аԥсуа ган иадыргалеит абарҭ асценариқәа:
Агазцәаҳәа аиҿкаара,
Автономтә газеиҿкаара иӡшьартәу аԥсабаратә газ ала,
Аенергетикатә ргыларақәа газла реиқәыршәара.

Жәларбжьаратәи ахҭысқәа

Жәабран 16 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор, Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захаровеи алацәажәеит, урыстәылатәи аган ацхыраарала Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәаразы ауснаӡа.
Ҷыдала иазааҭгылан аинформациатә ресурсқәеи асоциалтә ҳақәеи рхархәарала Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхра.
Инал Ардзинба и Мария Захарова обсудили план по активизации международной информационной политики Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Аԥсны
Арӡынбеи Захаровеи Аԥсны жәларбжьаратәи аинформполитика арӷәӷәаразы ауснаӡа иалацәажәеит
Арӡынбеи Захаровеи иара убасгьы иалацәажәеит, Аԥсны ААР амедиацентр ҿыц аусқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ААР абри ахырхарҭа иатәу адепартаменти Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартаменти русеицура арцыхцыхра азҵаара.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва ателеканал "Russia Today", МИА "Россия сегодня", аинформациатә маҵзура "Sputnik" рредактор хада Маргарита Симониан лԥылараан Аԥсны ААР амедиацентр аусура амеханизм иалацәажәеит.
Хаҭала ирзааҭгылан амедиацентри Урыстәыла аинформациатә маҵзурақәеи реинырра ашьақәыргылара.
Инал Ардзинба обсудил механизм работы Медиацентра МИД Абхазии с главредом RT Маргаритой Симоньян  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Аԥсны
Инал Арӡынбеи Маргарита Симониани Аԥсны ААР амедиацентр аусура амеханизм иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0