Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Лукашенко иаареи Аиааира Амши

© Foto / пресс-служба Президента РА Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко. - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2022
Анапаҵаҩра
Аинформацитә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿы цәыббра 26 инаркны жьҭаара 2 рҟынӡа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 29 шықәса ахыҵра, ареспубликаҿ имҩаԥган аныҳәатә уснагӡатәқәа. Раԥхьаӡа акәны официалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.
Sputnik

Аиааира Амш

Амчыбжь азы ихадоу хҭысны иҟан Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 29 шықәса ахыҵра.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
"Еиҭаҳәашьа амам Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара. Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аԥсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан", - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа ҷыдала дырзааҭгылеит аԥсуа жәлар ирывагылаз, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа, Нхыҵ Кавказынтәи иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, адыгақәа, ачерқьесцәа, абазақәа, ауаԥсаа, аҟабардақәа, аингушцәа, ачеченцәа, даӷьысҭанаа, Алада Урыстәыла аказакцәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, Донбасси Приднестровиеи рҵеицәа.
Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп аидгылара Аԥсны аизҳазыӷьара ахьӡала ҳәа иҳәеит ахада.
Возложение в парке Славы в честь празднования дня Победы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Аԥсны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит. Путин иазгәеиҭеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рымҩала аҿиара ишаҿу.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа агәабзиареи аихьӡарақәеи изеиӷьеишьеит, Аԥсны атәылауаа-аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Видеообращение президента РФ В. Путина к участникам XI Всероссийского фестиваля НХЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аԥсны
Путин Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны - цәыббра 30 рзы Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәаразы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Иара убасгьы 600-ҩык Аԥсны аруаа шьаҿеиқәшәала аҳҭнықалақь иалсит.
Аныҳәатә марш: Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аҟәа ишазгәарҭаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Аныҳәатә марш: Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аҟәа ишазгәарҭаз
Аныҳәа аҽны атәыла ахада, аиҳабыра, аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа Владислав Арынба анышә дахьамадоу инеиит.
Цәыббра 29 рзы Мықә ақыҭаҿ имҩаԥган аныҳәа. Аҽылампыл, аҵәыршәра, аҽырыҩра уҳәа еиуеиԥшым аспорттә хәмаррақәа ирылахәыз аспортсменцәа еиндаҭлон.
Скачки, страхи и любопытство: конно-спортивный праздник на Мыкуашта - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аиааира амш аламҭалаз: Мықәашҭа аҽыбӷаҟазара аныҳәа

Лукашенко Аԥсны

Цәыббра 27 рзы имҩаԥысит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко официалла Аԥсныҟа иаара. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко диԥылеит.
Аслан Бжьаниа асас игәалаиршәеит 1996 шықәса ажьырныҳәамзазы ИАР аҳәынҭқарра-лахәылақәа рхадацәа рхеилак аан Александр Лукашенко аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны аекономикатә ҭахкаара дшаҿагылаз.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Аԥсны
Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит
Александр Лукашенко иҳәеит Аԥсныҟа иаара Урыстәыла ахадеи иареи реицәажәара ишалҵшәоу, адунеитә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.

"Иацы Аԥсны ауадаҩрақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иԥа Путини сареи. Ҳагьазкылсит ӡбамҭак – Аԥсны ацәхьаҵра ҟалом. Ацхыраара аҭалатәуп, ари ишәҭыкакаҷуа атәыла, ацхыраара рыҭалатәуп ара инхо ажәлар рыбзазара маншәалахарц", - иҳәеит Александр Лукашенко.

Белоруссиа ахада Александр Лукашенко цәыббра 28 азы раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҷыдаҿы Лукашенко аҳәынҭқарратә ҳәаа еилеигеит ҳәа ахара иднаҵеит. Қарҭ Лукашенко иаара "жәларбжьаратәи азини анормақәеи ӷәӷәала аилагароуп" ҳәа рҳәеит.
Вид на город Тбилиси. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Аԥсны
Лукашенко Аԥсныҟа иаара инамаданы Белоруссиа ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла ААР ахь днарԥхьеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили белоруссиатәи лколлега Александр Лукашенко Аԥсныҟа иаарала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи апринципқәеи еилеигеит ҳәа азгәалҭеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Қырҭтәыла Лукашенко Аԥсныҟа иааразы ирҳәо хьаас ишамам.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР ахада: Аԥсны хьаас иамаӡам Лукашенко арахь иааразы Қырҭтәыла ирҳәо

Асубиект ҿыцқәа Урыстәыла аилазаараҿы

Цәыббра 30 рзы Кремль Владимир Путини ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи, Запорожиетәи аобластқәа рхадацәеи Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәа иахәҭакзарц аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Церемония подписания договоров о вхождении в РФ ДНР, ЛНР, Запорожской и Херсонской областей состоялась в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
ДЖәРи, ЛЖәРи, Херсонтәи аобласти Запорожиеи Урыстәыла иахәҭакхеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецки Лугански Жәлар Рреспубликақәеи, Запорожиетәи Херсонстәи аобластқәеи рхадацәа Урыстәыла иахьахәҭакхаз рыдиныҳәалеит. Атәыла ахада зых иақәиҭтәу аҵакырақәа руааԥсыра аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа зых иақәиҭтәу аҵакырақәа рхадацәа Урыстәыла иахьахәҭакхаз рыдиныҳәалеит

Ҩ-тәылауаҩрак

Цәыббра 27 рзы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Министр иностранных дел Республики Абхазия Инал Ардзинба и Министр иностранных дел России Сергей Лавров подписали Соглашение об урегулировании вопросов двойного гражданства между странами. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Арӡынбеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Аиԥылараҟны Сергеи Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра асувернитет арӷәӷәара ишацхраауа, иара убас иҭабуп ахиҳәааит Украина имҩаԥысуа азҵаарақәа рзы Аԥснытәи апозициаз.
Сотрудник избирательной комиссии на участке №8159 в посольстве России в Киргизии вносит сведения из паспорта гражданина РФ, пришедшего проголосовать на выборах депутатов Государственной Думы РФ, в список избирателей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аԥсны
Аԥсны ахада ицхырааҩ еиҭеиҳәеит ҩ-тәылауаҩрак азы Аиқәшаҳаҭра аус шауа

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз ацхыраара рыҭара

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аусԥҟа аднакылеит Донбасс иҭахаз, хатәгәаԥхарала еибашьуаз Артур Киркинаӡе иҭаацәа миллион мааҭ аԥара рызшәаразы.
Артур Киркинаӡе Донбассҟа дцеит иаб иашьа иԥа Ахра Киркинаӡе дицны. Дҭахеит Авдеевка амҵан цәыббра 8-9 ауха.
Кабинет министров РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Аԥсны
Аминистрцәа реилазаара Донбасс иҭахаз иҭаацәа афинанстә цхыраара рнаҭоит
Аԥсны Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2022 ықәсазы изныктәиу ашәара ҟаҵазарц ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Уи адагьы аиҳабыра аӡбра рыдыркылеит иҭахаз иҭаацәа асоциалтә цхыраара цҵақәа рыҭазарц. Артура Киркинаӡе ихшара дасу есымза 10-10 нызқьмааҭ рызшәахалоит.
Иара убасгьы 500-500 нызқьмааҭ рызшәахоит Донбасс ахәрақәа зауз Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи.
Жители Мелитополя начали получать единовременные выплаты в рублях - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Аԥсны
Донбасс ирхәыз аԥснытәи аибашьцәа аҳәынҭқарра ацхыраара рынаҭоит
Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа Алиас Аҩӡба Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы иоуеит, абри азы аԥшьгамҭа дадгылеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны ААР.
Паспорт Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.10.2022
Аԥсны
Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуа Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы иоуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0