https://sputnik-abkhazia.info/20220109/naaa-a-anryzhit-2021-shysazy-asny-iakhaz-akhatraa-1037041379.html
Наӡаӡа ҳәа ҳанрыжьит: 2021 шықәсазы Аԥсны иаԥхаз ахатәрақәа
Наӡаӡа ҳәа ҳанрыжьит: 2021 шықәсазы Аԥсны иаԥхаз ахатәрақәа
Sputnik Аҧсны
Иҳаҩсыз 2021 шықәсазы Аԥсны ацәыӡ дуқәа аиуит - аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа. Иҳаԥхаз ргәалашәаразы ишәыдаагалоит Sputnik... 09.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-09T17:20+0300
2022-01-09T17:20+0300
2022-01-09T17:24+0300
аԥсны
акультура
ауаажәларра
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102304/15/1023041517_0:161:3069:1887_1920x0_80_0_0_6f67688748430afcf1702005cf3c110c.jpg
Валикәа ԤачлиаМшаԥы 20 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Валикәа Мџьыҭ-иԥа Ԥачлиа - арратә ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага.1976 шықәсазы қәҿиарала далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Аус иуан ашкол ахантәаҩыс Анхәатәи аашықәсатәи ашкол аҟны.Аҵара иҵон Москва СССР АР иатәу аҭоурыхтә институт аспирантураҿы. Арратә тематикала идиссертациа ахьчаразы ирхианы далгеит 1984 шықәсазы, иагьихьчеит Москва 1986 шықәсазы. Аус иуан Д.Гәлиа ихьӡ зху Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (анаҩс Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа иҟаҵаз) аҟны аҭоурых аҟәшаҿы раԥхьа ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа - ҭҵаарадырратә усзуҩ нагас. Аамҭаказы аус иуан Аԥсны аҭоурыхтә еилазаараҟны аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс. Аԥсуаа ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум далан. 1992-1993 ш. рзтәи ақырҭуа аԥсуа еибашьра даветеранын.Аибашьра ашьҭахь Аԥсуа ар рҟны аррамаҵзура дахысуан, Аԥсны Атәылахьчара Аминистрраҟны аҭоурых-архивтә ҟәша деиҳабын; дыҟан иреиҳау ҭҵаарадырратә усзуҩыс, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра архив аҟны инагоу ҭҵаарадырратә усзуҩыс.Дрылахәын Гал араиони Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациақәа. Данысит амҩа ду - Асовет аруаҩ инаиркны Аԥсны арбџьармчқәа рполковникра аҟынӡа. Дрыԥсоуп ирацәаны анашьарақәеи арҽхәаԥхьыӡқәеи.Валикәа Ԥачлиа иаԥиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра, иааидкыланы Аԥсуа Арбџьарамчқәа рҭоурых иазкны аусумҭақәа жәпакы. Инапхгарала иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра Архив. Лассы-лассы икьыԥхьуан ашәҟәқәа, астатиақәа, дрылахәын еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә форумқәа.Шоҭа СалаҟаиаАԥсуа ҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 рзы. Иара - раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә фольклористын. Нарҭаа репос аҭҵааҩцәа рахьтә Кавказ инарылукааша ҵарауаҩын, литератураҭҵааҩын, дыкритикын. Шоҭа Салаҟаиа - афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны аҭҵаарадырреи акультуреи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра апрофессор, Адыгатәи жәларбжьаратәии Аԥсны аҭҵаарадыррақәеи ракадемиақәа ракадемик, СССР-и, Урыстәылатәи Афедерациеи, Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа ирылаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла.Шоҭа Салаҟаиа диит ԥхынгәы 18 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿы аа-классктәи ашколи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭеи (аԥсуа сектор) данрылга, 1952 шықәса рзы А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет (аурыс сектор) дҭалеит. 1956 шықәса рзы Салаҟаиа дҭалеит Ш. Руставели ихьӡ зхыз Ақырҭуа литература аҭоурых аинститут "афольклористика" азанааҭ ала. 1965 шықәсазы Шоҭа Салаҟаиа ихьчеит акандидаттә диссертациа "Основные виды абхазского героического и исторического эпоса" атемала, 1999 шықәса рзы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М. Горьки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит.Шоҭа Хьыҷ-иԥа дравторуп 200 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа: ашәҟәқәа, афольклортә текстқәа реизгақәа, аԥсуаа рфырхаҵара-архаикатәи, рҭоурых-фырхаҵаратәи епос аҭҵаара иазку амонографиақәа, алитература-критикатә статиақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵага программақәеи арҵага-хрестоматиақәеи. Иара иҭҵаарадырратә статиақәеи ишәҟәқәеи рызкуп афольклортә хыҵхырҭақәеи амилаҭтә литература аҭоурыхи, аԥсуа-адыгеи, аԥсуа-ақырҭуеи егьырҭ алитературатәи акультуратәи еимадарақәа.Терент ҶаниаЖәабран 3 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ажурналист, апоет, арҵаҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Михаил-иԥа Ҷаниа. Терент Ҷаниа диит жәабран 10, 1937 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон Кәтолтәи аиҵбыратә школ аҟны, анаҩс Д. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны. 1955 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт афилологиатә факультет. 1961-1963 шықәсқәа рзы арратә маҵзура дахысуан. Арратә маҵзура ихыганы данааи, аус иуан арҵаҩы-ааӡаҩыс, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат № 1 аҟны, 1967 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥ ахь ицәырҵуа иалагеит 1965 шықәса инаркны. Терент Ҷаниа дравторуп апрозеи апоезиеи знылахьоу 25 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит аизга "Уԥры, сара сашәа", "Сылашара".Платон БебиаЦәыббра 26 рзы иԥсҭазаара далҵит СССР-и, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Платон Бебиа.Платон Бебиа диит жьҭаара 5, 1935 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Раҧхьа аҵара иҵон Џьгьардатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь диасуеит Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол ахь. Уи даналга, абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи ашкол аҟны. 1959 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Анаҩс иҵара иациҵон Москватәи Алитературатә институт аҟны, қәҿиаралагьы далгоит 1968 шықәсазы.Платон Бебиа аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", ажурнал "Амцабз" аредакциақәа рҟны. Акыр шықәса ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны редакторс дыҟан, анаҩс - аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, редактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабыс.Акьыԥхь ахь дцәырҵит 1952 шықәса инаркны. Иҩымҭақәа рнылон еиуеиҧшым аколлективтә еизгақәа, ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Звезда", "Наш современник", "Молодая гвардия"; агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Бзыԥ", "Еҵәаџьаа", "Советская Абхазия", "Литературная газета", "Литературная Абхазия", алитературатә еизга "Ерцахә" уҳәа егьырҭгьы.Авторс дрымоуп хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, иара убас ароманқәа "Ашьацҳәа", "Ақьачақьцәа". Апоет иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." Ҩажәихәба инареиҳаны ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа реизгақәеи ароманқәеи ҭижьхьеит. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь.Платон Бебиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, иара аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, Р. Биорнс, С.А. Есенин, Г. Лорка, Н. Ҳиқьмеҭ, Л. Украинка, С.В. Михалков, Е.А. Евтушенко, Б.М. Пачев, Б.Г. Кагермазов, Ҟ. Ш. Кулиев, Ш.С. Акобиа, Џь. Ҟ. Лаҩыцә ражәеинраалақәа, Ч.Т. Аитматов иажәабжьқәа "Аиқәшәара", "Аибашьҩы иԥа" уҳәа егьырҭгьы.Платон Бебиа 35 шәҟәы дравторуп.Уасил ЦаргәышАжьырныҳәа 28 рзы 83 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Царгәыш.Уасил Царгәыш диит Гәдоуҭа араион, Аҷандара ақыҭан. 1947 шықәса рзы Аҷандаратәи абжьаратә школ дҭалеит, далгеит –1958 шықәса рзы. Ашкол даналга ашьҭахь Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адирижиортә факультет дҭалоит. 1963 шықәсазы иҵара анхиркәша ашьҭахь Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахь усура ҳәа днарышьҭуеит дирижиор-хормеистерк иҳасаб ала. Уасил Царгәыш дшыхәыҷыз амилаҭтә музыкеи акәашареи рахь абзиабара ишьҭикаахьан. 1968 шықәса рзы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль адирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы ҳәа дҟалеит.Жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рансамбль еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Америка, Европатәи атәылақәа, Африка, Ҭырқәтәыла уҳәа адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаахьан.1977 шықәса рзы иара дҭалеит Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-рҵаҩратә институт. 1982 шықәса рзы "жәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор" иквалификациа иманы далгеит.Уасил Царгәыш ихәыҷра иқыҭа гәакьаҿы ихигеит. Амузыкатә ҵараиурҭа данҭаз ашколтә хор напхгара аиҭон, иара убасгьы анапылампыл дасуан. 2001 шықәсазы акантатақәа "Хҩык афырхацәа рзы", "Иҭахаз ргәалашәараз", "Ҳан Аԥсны" рзы Уасил Царгәыш Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ианашьан.Лидиа ҶкадуаԥҳаАжьырныҳәа 27 рзы 91 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа.Лидиа Ҷкадуаԥҳа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, А.С. Чикобава ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа ланашьан, Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын. Лидиа Ҷкадуаԥҳа диит нанҳәа 21, 1930 шықәса рзы Аҟәа, амаҵзурауаа рҭаацәараҿы. Аҵара лҵон Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, кавказтәи абызшәақәа рыҟәшаҿы. Аспирантура далгеит "кавказтәи афилологиа" азанааҭ ала.Аусура хацлыркит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы рҵаҩыс. Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рзы алекциақәа дрыԥхьон, аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабыс аус луан. Иара убри аамҭазы аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны, акыр шықәса абызшәа аҟәша анапхгаҩыс дыҟан.Лидиа Ҷкадуаԥҳа иҭылҵаауан аморфологиа, асинтаксис, алексикографиа, апунктуациа, аԥсуа бызшәа анормаркра.Лидиа Ҷкадуаԥҳа иара убасгьы авторс дрыман: "Аԥсуа бызшәа асинтаксис", "Аԥсуа бызшәа аҟаҵарбатә ажәахырҿиаара", "Аԥсуа бызшәа апунктуациа", "Аԥсуа литературатә бызшәа аграмматика".Семион АдлеибаЛаҵара 3 рзы 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара акавалер, "Агәымшәараз" амедал занашьоу, Аԥсуа радио аҿы 50 шықәса инареиҳаны аус зухьаз Симен Адлеиба.1957 шықәса раахыс Адлеиба далахәын аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара, 1977 шықәсазы инапы аҵаиҩит аҵак ду змаз ЦК КПСС ахь иршьҭыз "130-ҩык рышәҟәы".Иара иусураҿы еиҳарак дрызҿлымҳан аҭоурых, архитектуратә баҟақәа, атуризм ирыдҳәалаз атемақәа. Иара Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәахьан аспециалистцәа ирзымдырҵәҟьогьы абаҟақәа ахьыҟоу шидыруа.Никәала ЧқәанМшаԥы 4 рзы 91 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан.Никәала Чқәан 1965 шықәсазы далгеит Луначарски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт, СССР Жәлар рартист, апрофессор Андреи Гончаров иҵаҩы иакәын. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Шәачатәи ателестудиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа рҟны арежиссиорс аус иуан. Асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама" аҟны актиорс, режиссиорс дыҟан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театр аҟны иқәиргылеит аспектакльқәа "Абзамыҟә" Назым Хикмет иҩымҭала, "Агага" Шварц иҩымҭала.Никәала Чқәан актиор иаҳасабала атеатр аҟны инаигӡеит арольқәа Есыф ("Асас еиқәаҵәақәа" Гь.Гәылиа , 1956 шықәсазы), Сгәанарель ("Иҭахы-иҭахым ахәшәтәҩы" Молиер, 1956 шықәсазы), Хабжькәыт ("Аиааира", В.Агрба, 1961 шықәсазы), Бессонов ("Данаҟаи" М. Лакрба, 1956 шықәсазы).Ԥхынҷкәынмза 2020 шықәсазы Никәала Чқәан Акультуреи аҟазареи рыҿиараҟны илагаламҭа ду азы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.Станислав АмҷбаЦәыббра 11 рзы уаанӡатәи Очамчыра араион ахада, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Станислав Амҷба идунеи иԥсахит 71 шықәса дшырҭагылаз.Аекономист иҵара змаз Амҷба Очамчыра араион дахагылан шықәсык иназынаԥшуа, 2020 шықәса лаҵарамза инаркны 2021 шықәса жәабранмзанӡа.2004, 2009 шықәсқәа рзы Станислав Амҷба Очамчыра араионтә еизара адепутатс далырхуан. 2007 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Гәылрыԥшь араион иатәу Дранда аҳабла аиҳабыс дыҟан.Станислав Амҷба 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Мрагыларатәи афронт 1-тәи аполк акомандир ихаҭыԥуаҩс дыҟан, Леон иорден ианашьоуп.Оҭар ЛакрбаМшаԥы 5 рзы 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла Оҭар Лакрба.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь иара Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысит. Уи ашьҭахь аусура далагеит Аԥсуа радио аҿы дикторси корреспондентси.1987 шықәса рзы Аԥсуа телехәаԥшра аредактор еиҳабыс аусура далагеит. 1992 шықәса рышьҭахь - Аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа рредакторс, аинформациатә ҟәша аиҳабыс. 2000 шықәса инаркны – аредактор хадас. 2005 шықәсазы атематикатә программақәа рредактор хадас дҟаҵан.2012-2014 шш. – Аԥсуа телехәаԥшра анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ.Оҭар Лакрба ателепрограммақәа "Амчыбжь", "Ауаҩи адунеи", "Азакәан амчра", "Амшхәаԥштә азҵаара" дравторуп, Ауаажәларратә палата далахәылан."Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.Раиса ПогорелаиаԤхынгәы 24 рзы лыԥсҭазаара далҵит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ Раиса Погорелаиа.Ҭаниа иажәақәа рыла раԥхьатәи ахада ицхырааҩс даныҟаз, Погорелаиеи иареи есыҽны еибабон. Лусура аҟны зегьы дырнаалон. Иааилак зегь ацхыраара рыҭара дазхиан.Погорелаиа лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аус луан. Раԥхьа аҳәынҭқарра ахада имаӡаныҟәгаҩс, анаҩс Аԥсны раԥхьатәи ахада иабжьгаҩцәа раппарат аҟны. Владислав Арӡынба идунеи аниԥсах ашьҭахь аус луан Аԥсны раԥхьатәи ахада ифонд аҟны. Лара илхыҵуан 77 шықәса.Владимир БасариаԤхынҷкәын 25 рзы 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Константин-иԥа Басариа.Владимир Басариа диит ԥхынҷкәын 5, 1934 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз акьыԥхьрахь дцәырҵуа далагеит 1950-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны. Раԥхьаӡатәи иажәабжь ашәҟәы ианылеит 1955 шықәсазы. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа.Иара иԥсҭазааратә мҩаҿы амш еиқәаҵәақәа дрықәшәеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иашьа гәакьа иҭаацәеи иареи рыԥсы шҭаз рыҩны иҩнарблит.Владимир Басариа дравторуп 20 шәҟәы инареиҳаны, уахь иаҵанакуеит апублицистикатә рҿиамҭақәагьы.Идраматә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Абзиабара акәаҳара мариам", "Амра шкәакәа", "Хырԥара зқәым", "Ахаҵарашәа", "Шьхатәылан адыд", "Аныҟәаҩцәа" уҳәа. Иповестқәа иреиуоуп: "Акурорттә роман", "Алаԥшҳәаа аӡиас иахыԥоит". Ироманқәа: "Аԥсҭҳәеиқәаҵәеи ажәҩанҵлашеи", "Еҵәаџьаа анылаҟәуа", "Амш ашара" уҳәа.Елена МалиаԥҳаЕицырдыруа аԥсуа етнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага, Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Елена Малиаԥҳа лыԥсҭазаара далҵит нанҳәа 7 рзы. Лара 87 шықәса лхыҵуан.Елена Малиа диит Аҟәа абҵара 23 1934 шықәсазы. 1958 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭуниверситет Кавказ аҟәша, 1964 шықәсазы - Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ринститут аҿы аспирантура.Елена Малиа илыхьчеит акандидаттә диссертациа атема "Народное изобразительное искусство абхазов" ала. 1958 шықәса инаркны аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы (уажәы Аԥсуаҭҵааратә институт - азгә.). Лнапы иҵыҵхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рыбжьара иҟоуп "Аԥсуа милаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара (абеи ахырҷареи)" ("Народное изобразительное искусство абхазов (ткани и вышивки)"), "Аԥсуа маҭәа" ("Одежда абхазов"), "Аԥсуа маҭәа арԥшӡагақәа" ("Украшение одежды у абхазов"), "Ақәны иалху ауарҳалқәа рорнамент иазкны" ("Об орнаментации льняных ковров"), "Аԥсуаа рмилаҭтә хырҷара иазкны" ("О народном узоре абхазов"), "Ҳаамҭазтәи аԥсуа қыҭа" ("Современное абхазское село").Лиудмила ХьыббаАжьырныҳәа 8 рзы 67 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа литература акафедра адоцент, апоет, аиҭагаҩ, Аԥсны Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лиудмила Хьыбба.Лиудмила Хьыбба диит 1954 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат даналга, дҭалеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи, аурыс бызшәеи рыҟәша. Анаҩс лҵара иацылҵеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1987 шықәса инаркны афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Хьыбба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедраҿы аус луан, аԥсуа литература аҭоурых азы алекциақәа ркурс дрыԥхьон. 1990 шықәсазы акандидаттә диссертациа лыхьчеит. 2006 шықәсазы Еврокомиссиа иҟанаҵаз ааԥхьарала Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа арҵаҩыс шықәсқәак аус луан.Нанули ЛакашьиаԤхынҷкәын 10 рзы лыԥсҭазаара далҵит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, апедагогикеи апсихологиеи ркафедра аиҳабы, 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәыла, "Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз" рмедал занашьаз Нанули Лакашьиаԥҳа.Нанули Лакашьиаԥҳа 40 шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқраратә университет аҿы аус луан, 25 инареиҳаны аԥсуа милаҭтә педагогика азҵаарақәа, атрадициатә ааӡара акультура ирызкыз аҭҵаарадырра-методикатә усумҭақәа дравторын. Нанули Лакашьиаԥҳа адиссертациатә хеилакқәа ҩба рҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс дыҟан азанааҭқәа "азеиԥш педагогика, апедагогикеи аҵареи рҭоурых", "арҵареи ааӡареи ртеориеи рметодикеи".Баҭал ГәынбаНанҳәа 23 рзы иԥсҭазаара далҵит С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректор Баҭал Гәынба. Иара диит лаҵара 29 1964 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан. 1985 шықәса рзы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа филологиа азанааҭ. 1985 - 1991 шш. рзы аус иуан Жәандәрыԥшьтәи ашкол арҵаҩыс. 1991 - 1992 шш. рзы аус иуан Анаҟәаԥиатәи аҳәырԥсарра аусзуҩ еиҳабыс. Гәдоуҭатәи аҿартә еиҿкаара "Аублаа" напхгара аиҭон, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын, Жәлар рфорум "Аидгылара" жәандәрыԥшьтәи ахәҭа дахагылан. Баҭал Гәынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, 1993 шықәса ԥхынгәымзазы ӷәӷәала дхәын. 1994 ш. раахыс С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректорс дыҟан.Нурби ЏьынџьалԤхынҷкәын 4 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль ахор ахкынагӡаҩ Нурби Џьынџьал.Нурби Џьынџьал 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахада иусԥҟала "Агәымшәаразы" амедал ианашьан.Нурби Џьынџьал диит мшаԥы 22 1960 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. 1986 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә училишье "ахкынагӡара" азанааҭ ала. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҿы аус иуан 1981 шықәса инаркны. Ансамбль даланы Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Франциа гастрольла дцахьан.Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа Нурби Џьынџьал ахьӡ ихырҵеит 2009 шықәса рзы, Жәлар рартист ҳәа - 2016 шықәса рзы. 2020 шықәса цәыббрамза инаркны Акәашареи ашәаҳәареи жәлар рансамбль анапхгаҩыс даҭан.Данил УбириаНанҳәа 11 рзы 75 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Ауаажәларратә палата агәабзиарахьчараз акомиссиа ахада Данил Убириа.Данил Убириа диит мшаԥы 26 1947 шықәсазы. Ауаажәларратә палата ааԥхьарақәа хԥа раан амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, 2020 шықәса раахыс аиҿкаара аппарат напхгра аиҭон.Данил Убириа акыршықәса акьыбачымазара даҿагылан. Атәыла аиҳабыра рҟынтәи аиԥш Ауаажәларратә палата аҟынтәгьы ацхыраара шимазгьы ичымазара аиааит.Манфред ПетричНанҳәа 23 рзы 68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ажурналист, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ, аблогер Манфред Петрич. Иара Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит Швеицариантәи. Раԥхьаӡа акәны Петрич Аԥсны аӡбахә иаҳаит 2008 шықәса нанҳәа 8 азы, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла. Иара ринтерес икит ари атәылаҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа. 2009 шықәсазы Аԥсныҟа дааит. Анаҩс аамҭа-аамҭала арахь даалон.Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит, Ешыра ақыҭан аҩны иргылеит. Игәҭакын аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс лгара.Петрич Аԥсны инхара адагьы иблог аҿы иӡыригон. Аԥсны иара агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥигон – Аҩада Ешыра ашьапылампыл азы ахәыҷтәы команда алахәылацәа аформа рзааихәеит, ақыҭатә школ аҿы аԥенџьырқәа иԥсахит, аконцертқәа еиҿикаауан.Аԥсны далацәажәо, Манфред Петрич иҳәон зегь реиҳа ихадоу - атәыла анапхгара рхы ахьдырхаша азы аплан рымазароуп, насгьы уи мҩақәызҵо дыҟазароуп ҳәа.Патико АланАбҵара 10 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Патико Алан 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.Патико Алан - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, ақыҭанхамҩа, аҭҵаарадырра, аҵара зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.1959 - 1992 шықәсқәа рзы алабораториақәа рҿы иҭиҵааит 100 инарзынаԥшуа химиатә маҭәашьар, урҭ рҟынтәи 30 ааглыхрахь иалагалан.Иара инапхгарала иаԥҵан аҵаратә, ааглыхратә, арҵаратә усҳәараҭқәа: аҵиаақәа рыхьчаразы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи атоксикологиатә лабораториа, ачаии асубтропикатә культурақәеи рзы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи агербицидқәа рлабораториа, асубтропикатә культурақәа рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ааглыхратә еидгыла, Урыстәыла-Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аҵаратә усҳәарҭа – Новочеркассктәи ааглыхра-гуманитартә коллеџь Аԥснытәи афилиал, ақыҭанхамҩаз Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт.Патико Алан авторс дрыман 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа. Аҵиаақәа ртоксикологиеи рфизиологиеи рзы иусумҭа еиҭагоуп англызи анемеци бызшәақәа рахь.Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.
https://sputnik-abkhazia.info/20210420/Isazaara-dalit-aaraua-arrat-ourykhaa-Valika-achlia-1032258055.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210422/Aba-arrat-ourykhaa-achlia-izy--iy-atsny-iaankheit-aaaradyrrany-1032271415.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211109/asua-folklaara-auaskhyr-azyshazaz-shoa-salaaia-igalasharazy-1036240031.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211109/eitsyrdyrua-akhya-ashba-akademik-shoa-salaaia-izkny-1036249870.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210204/Alamia-Terenti-ania-izy-antsa-iiaz-auara-auaa-ryzshatys-imazsha-akyn-dshyaz-1031770178.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210205/Abyrfynbyts-eishyz-auay-Terent-ania-igalasharazy-1031767841.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210928/apba-Zhlar-rpoet-Platon-Bebia-izy-azheinraala-ieish-iakhoz-ay-ibakh-aara-uadaup-1033296681.html
https://sputnik-abkhazia.info/20201005/Ashkhatsama-ikydu-apoet-Platon-Bebia-85-shysa-ikhyit-1031052671.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210129/Aynal-Uasil-Tsargysh-izy-asua-muzykei-aazarei-aua-du-datsyit-1031723059.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210128/aga-Lidia-kaduaa-lzy-dagkheit-aaraua-du-kyr-abzhyzgoz-imaayz-1031716530.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210506/ashyg-Semion-Adleiba-izy-Asua-radio-iazynizhyz-anamaa-ynkha-duny-isykhaoit-1032347411.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210405/Abloia-Nikala-Chan-izy-ateatri-aazarei-rty-bziaany-idyruan-1032154003.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210914/Sanglia-Stanislav-Amba-izy-mytskhy-iaomyzt-akha-iazha-ma-auma-nyon-1033202739.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210807/Arenia-Oar-Lakrba-izy-dyaa-dsyvagylan-abziaragy-gyksykala-isytseiishon-1032988777.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210724/Vladislav-Arynba-rakhati-imaanyga-Raisa-Pogorelaia-lysazaara-dalit-1032897953.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211227/eitsyrdyrua-akhya-laglaa-ashyy-vladimir-basaria-izkny-1036929006.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211226/patu-zyz-abakhatra-vladimir-basaria-igalashara-iazkny-1036921565.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210807/Lysazaara-dalit-asua-araua-aetnolog-Elena-Malia-1032996522.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210108/Aray-aaa-amaa-Liudmila-Khybba-lgalarsharazy-1031581407.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211211/zegy-lara-ilylshon-zegy-drykhon-ulygyrat-dyan-nana-lakashia-lzy-azha-1036683373.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210826/ykyra-Badra-Gynba-izy-sabarala-iynchyz-akha-ikhatraz-iaulaz-adyrra-du-zmaz-uayn-1033105038.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211205/artist-du-dakheit-nurbi-ynal-igalasharazy-1036597081.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210811/Isazaara-dalit-Auaazhlarrat-palata-alakhyla-Danil-Ubiria-1033019330.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210824/Shveitsariati-azhurnalist-ametsenat-Manfred-Petrich-Asny-isazaara-dalit-1033090556.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211110/aprofessor-patiko-alan-87-shysa-dshyragylaz-isazaara-dalit-1036273729.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102304/15/1023041517_168:0:2899:2048_1920x0_80_0_0_4a4e79876d1a382690697ef34c1f1a98.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
акультура, ауаажәларра, ажәабжьқәа
акультура, ауаажәларра, ажәабжьқәа
Мшаԥы 20 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Валикәа Мџьыҭ-иԥа Ԥачлиа - арратә ҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага.
1976 шықәсазы қәҿиарала далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет. Аус иуан ашкол ахантәаҩыс Анхәатәи аашықәсатәи ашкол аҟны.
Аҵара иҵон Москва СССР АР иатәу аҭоурыхтә институт аспирантураҿы. Арратә тематикала идиссертациа ахьчаразы ирхианы далгеит 1984 шықәсазы, иагьихьчеит Москва 1986 шықәсазы. Аус иуан Д.Гәлиа ихьӡ зху Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (анаҩс Аԥсуаҭҵааратә институт ҳәа иҟаҵаз) аҟны аҭоурых аҟәшаҿы раԥхьа ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс, ҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа - ҭҵаарадырратә усзуҩ нагас. Аамҭаказы аус иуан Аԥсны аҭоурыхтә еилазаараҟны аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс. Аԥсуаа ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум далан. 1992-1993 ш. рзтәи ақырҭуа аԥсуа еибашьра даветеранын.
Аибашьра ашьҭахь Аԥсуа ар рҟны аррамаҵзура дахысуан, Аԥсны Атәылахьчара Аминистрраҟны аҭоурых-архивтә ҟәша деиҳабын; дыҟан иреиҳау ҭҵаарадырратә усзуҩыс, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра архив аҟны инагоу ҭҵаарадырратә усзуҩыс.
Дрылахәын Гал араиони Кәыдрытәи аҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациақәа. Данысит амҩа ду - Асовет аруаҩ инаиркны Аԥсны арбџьармчқәа рполковникра аҟынӡа. Дрыԥсоуп ирацәаны анашьарақәеи арҽхәаԥхьыӡқәеи.
Валикәа Ԥачлиа иаԥиҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра, иааидкыланы Аԥсуа Арбџьарамчқәа рҭоурых иазкны аусумҭақәа жәпакы. Инапхгарала иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара Аминистрра Архив. Лассы-лассы икьыԥхьуан ашәҟәқәа, астатиақәа, дрылахәын еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә форумқәа.
Аԥсуа ҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 рзы. Иара - раԥхьаӡатәи аԥсуа профессионалтә фольклористын. Нарҭаа репос аҭҵааҩцәа рахьтә Кавказ инарылукааша ҵарауаҩын, литератураҭҵааҩын, дыкритикын. Шоҭа Салаҟаиа - афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Дырмит Гәлиеи Гьаргь Ӡиӡариеи рыхьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат, Аԥсны аҭҵаарадырреи акультуреи зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра апрофессор, Адыгатәи жәларбжьаратәии Аԥсны аҭҵаарадыррақәеи ракадемиақәа ракадемик, СССР-и, Урыстәылатәи Афедерациеи, Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа ирылаз, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла.
Шоҭа Салаҟаиа диит ԥхынгәы 18 1933 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан. Иқыҭа гәакьаҿы аа-классктәи ашколи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә ҵараиурҭеи (аԥсуа сектор) данрылга, 1952 шықәса рзы А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет (аурыс сектор) дҭалеит. 1956 шықәса рзы Салаҟаиа дҭалеит Ш. Руставели ихьӡ зхыз Ақырҭуа литература аҭоурых аинститут "афольклористика" азанааҭ ала. 1965 шықәсазы Шоҭа Салаҟаиа ихьчеит акандидаттә диссертациа "Основные виды абхазского героического и исторического эпоса" атемала, 1999 шықәса рзы Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А.М. Горьки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит.
Шоҭа Хьыҷ-иԥа дравторуп 200 инареиҳаны аҭҵааратә усумҭақәа: ашәҟәқәа, афольклортә текстқәа реизгақәа, аԥсуаа рфырхаҵара-архаикатәи, рҭоурых-фырхаҵаратәи епос аҭҵаара иазку амонографиақәа, алитература-критикатә статиақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы арҵага программақәеи арҵага-хрестоматиақәеи. Иара иҭҵаарадырратә статиақәеи ишәҟәқәеи рызкуп афольклортә хыҵхырҭақәеи амилаҭтә литература аҭоурыхи, аԥсуа-адыгеи, аԥсуа-ақырҭуеи егьырҭ алитературатәи акультуратәи еимадарақәа.
Жәабран 3 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ажурналист, апоет, арҵаҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Терент Михаил-иԥа Ҷаниа.
Терент Ҷаниа диит жәабран 10, 1937 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон Кәтолтәи аиҵбыратә школ аҟны, анаҩс Д. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны. 1955 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт афилологиатә факультет. 1961-1963 шықәсқәа рзы арратә маҵзура дахысуан. Арратә маҵзура ихыганы данааи, аус иуан арҵаҩы-ааӡаҩыс, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат № 1 аҟны, 1967 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс.
Раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥ ахь ицәырҵуа иалагеит 1965 шықәса инаркны. Терент Ҷаниа дравторуп апрозеи апоезиеи знылахьоу 25 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит аизга "Уԥры, сара сашәа", "Сылашара".
Цәыббра 26 рзы иԥсҭазаара далҵит СССР-и, Аԥсни Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Платон Бебиа.
Платон Бебиа диит жьҭаара 5, 1935 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Раҧхьа аҵара иҵон Џьгьардатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь диасуеит Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол ахь. Уи даналга, абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи ашкол аҟны. 1959 шықәсазы далгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Анаҩс иҵара иациҵон Москватәи Алитературатә институт аҟны, қәҿиаралагьы далгоит 1968 шықәсазы.
Платон Бебиа аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь", ажурнал "Амцабз" аредакциақәа рҟны. Акыр шықәса ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аҟны редакторс дыҟан, анаҩс - аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, редактор хадас, ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабыс.
Акьыԥхь ахь дцәырҵит 1952 шықәса инаркны. Иҩымҭақәа рнылон еиуеиҧшым аколлективтә еизгақәа, ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Звезда", "Наш современник", "Молодая гвардия"; агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Бзыԥ", "Еҵәаџьаа", "Советская Абхазия", "Литературная газета", "Литературная Абхазия", алитературатә еизга "Ерцахә" уҳәа егьырҭгьы.
Авторс дрымоуп хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа, иара убас ароманқәа "Ашьацҳәа", "Ақьачақьцәа". Апоет иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." Ҩажәихәба инареиҳаны ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа реизгақәеи ароманқәеи ҭижьхьеит. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь.
Платон Бебиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, иара аԥсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, Р. Биорнс, С.А. Есенин, Г. Лорка, Н. Ҳиқьмеҭ, Л. Украинка, С.В. Михалков, Е.А. Евтушенко, Б.М. Пачев, Б.Г. Кагермазов, Ҟ. Ш. Кулиев, Ш.С. Акобиа, Џь. Ҟ. Лаҩыцә ражәеинраалақәа, Ч.Т. Аитматов иажәабжьқәа "Аиқәшәара", "Аибашьҩы иԥа" уҳәа егьырҭгьы.
Платон Бебиа 35 шәҟәы дравторуп.
Ажьырныҳәа 28 рзы 83 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль уаанӡатәи асахьаркыратә напхгаҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Уасил Царгәыш.
Уасил Царгәыш диит Гәдоуҭа араион, Аҷандара ақыҭан. 1947 шықәса рзы Аҷандаратәи абжьаратә школ дҭалеит, далгеит –1958 шықәса рзы. Ашкол даналга ашьҭахь Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа адирижиортә факультет дҭалоит. 1963 шықәсазы иҵара анхиркәша ашьҭахь Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль ахь усура ҳәа днарышьҭуеит дирижиор-хормеистерк иҳасаб ала.
29 Ажьырныҳәа 2021, 17:21
Уасил Царгәыш дшыхәыҷыз амилаҭтә музыкеи акәашареи рахь абзиабара ишьҭикаахьан. 1968 шықәса рзы Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рҳәынҭқарратә ансамбль адирижиор хада, асахьаркыратә напхгаҩы ҳәа дҟалеит.
Жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи рансамбль еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Америка, Европатәи атәылақәа, Африка, Ҭырқәтәыла уҳәа адунеи атәылақәа жәпакы ирҭаахьан.
1977 шықәса рзы иара дҭалеит Гнесинаа рыхьӡ зху Москватәи амузыка-рҵаҩратә институт. 1982 шықәса рзы "жәлар рхор анапхгаҩы, адирижиор" иквалификациа иманы далгеит.
Уасил Царгәыш ихәыҷра иқыҭа гәакьаҿы ихигеит. Амузыкатә ҵараиурҭа данҭаз ашколтә хор напхгара аиҭон, иара убасгьы анапылампыл дасуан. 2001 шықәсазы акантатақәа "Хҩык афырхацәа рзы", "Иҭахаз ргәалашәараз", "Ҳан Аԥсны" рзы Уасил Царгәыш Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аԥхьахә ианашьан.
Ажьырныҳәа 27 рзы 91 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи рыҭҵааҩы, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа.
Лидиа Ҷкадуаԥҳа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын, А.С. Чикобава ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа ланашьан, Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа далауреатын.
28 Ажьырныҳәа 2021, 10:41
Лидиа Ҷкадуаԥҳа диит нанҳәа 21, 1930 шықәса рзы Аҟәа, амаҵзурауаа рҭаацәараҿы. Аҵара лҵон Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет, кавказтәи абызшәақәа рыҟәшаҿы. Аспирантура далгеит "кавказтәи афилологиа" азанааҭ ала.
Аусура хацлыркит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҿы рҵаҩыс. Аԥсуа бызшәеи азеиԥш бызшәадырреи рзы алекциақәа дрыԥхьон, аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабыс аус луан. Иара убри аамҭазы аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны, акыр шықәса абызшәа аҟәша анапхгаҩыс дыҟан.
Лидиа Ҷкадуаԥҳа иҭылҵаауан аморфологиа, асинтаксис, алексикографиа, апунктуациа, аԥсуа бызшәа анормаркра.
Лидиа Ҷкадуаԥҳаи авторцәа ргәыԥи еиқәдыршәеит аԥсуа бызшәеи иааидкыланы амилаҭтә культуреи рыҿиараҿы шьаҿа дуны иҟалаз "Аԥсуа бызшәа ажәар". Иара убасгьы 2000 шықәса рзы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба инапынҵала лара дызлаз аԥсуа бызшәадырыҩцәа ргәыԥ еиқәдыршәеит "Аурыс-аԥсуа терминологиатә жәар" аԥсуа бызшәала аусеилыргара аиҿкааразы.
Лидиа Ҷкадуаԥҳа иара убасгьы авторс дрыман: "Аԥсуа бызшәа асинтаксис", "Аԥсуа бызшәа аҟаҵарбатә ажәахырҿиаара", "Аԥсуа бызшәа апунктуациа", "Аԥсуа литературатә бызшәа аграмматика".
Лаҵара 3 рзы 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара акавалер, "Агәымшәараз" амедал занашьоу, Аԥсуа радио аҿы 50 шықәса инареиҳаны аус зухьаз Симен Адлеиба.
1957 шықәса раахыс Адлеиба далахәын аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара, 1977 шықәсазы инапы аҵаиҩит аҵак ду змаз ЦК КПСС ахь иршьҭыз "130-ҩык рышәҟәы".
Иара иусураҿы еиҳарак дрызҿлымҳан аҭоурых, архитектуратә баҟақәа, атуризм ирыдҳәалаз атемақәа. Иара Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иҳәахьан аспециалистцәа ирзымдырҵәҟьогьы абаҟақәа ахьыҟоу шидыруа.
Мшаԥы 4 рзы 91 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист Никәала Чқәан.
Никәала Чқәан 1965 шықәсазы далгеит Луначарски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә атеатртә институт, СССР Жәлар рартист, апрофессор Андреи Гончаров иҵаҩы иакәын. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Шәачатәи ателестудиа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа рҟны арежиссиорс аус иуан. Асатиреи аиумори ртеатр "Чарирама" аҟны актиорс, режиссиорс дыҟан. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә театр аҟны иқәиргылеит аспектакльқәа "Абзамыҟә" Назым Хикмет иҩымҭала, "Агага" Шварц иҩымҭала.
Никәала Чқәан актиор иаҳасабала атеатр аҟны инаигӡеит арольқәа Есыф ("Асас еиқәаҵәақәа" Гь.Гәылиа , 1956 шықәсазы), Сгәанарель ("Иҭахы-иҭахым ахәшәтәҩы" Молиер, 1956 шықәсазы), Хабжькәыт ("Аиааира", В.Агрба, 1961 шықәсазы), Бессонов ("Данаҟаи" М. Лакрба, 1956 шықәсазы).
Ԥхынҷкәынмза 2020 шықәсазы Никәала Чқәан Акультуреи аҟазареи рыҿиараҟны илагаламҭа ду азы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан.
Цәыббра 11 рзы уаанӡатәи Очамчыра араион ахада, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ Станислав Амҷба идунеи иԥсахит 71 шықәса дшырҭагылаз.
Аекономист иҵара змаз Амҷба Очамчыра араион дахагылан шықәсык иназынаԥшуа, 2020 шықәса лаҵарамза инаркны 2021 шықәса жәабранмзанӡа.
2004, 2009 шықәсқәа рзы Станислав Амҷба Очамчыра араионтә еизара адепутатс далырхуан. 2007 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Гәылрыԥшь араион иатәу Дранда аҳабла аиҳабыс дыҟан.
Станислав Амҷба 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Мрагыларатәи афронт 1-тәи аполк акомандир ихаҭыԥуаҩс дыҟан, Леон иорден ианашьоуп.
Мшаԥы 5 рзы 63 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла Оҭар Лакрба.
Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь иара Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысит. Уи ашьҭахь аусура далагеит Аԥсуа радио аҿы дикторси корреспондентси.
1987 шықәса рзы Аԥсуа телехәаԥшра аредактор еиҳабыс аусура далагеит. 1992 шықәса рышьҭахь - Аԥсуа телехәаԥшра аинформациатә программақәа рредакторс, аинформациатә ҟәша аиҳабыс. 2000 шықәса инаркны – аредактор хадас. 2005 шықәсазы атематикатә программақәа рредактор хадас дҟаҵан.
2012-2014 шш. – Аԥсуа телехәаԥшра анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ.
Оҭар Лакрба ателепрограммақәа "Амчыбжь", "Ауаҩи адунеи", "Азакәан амчра", "Амшхәаԥштә азҵаара" дравторуп, Ауаажәларратә палата далахәылан.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ихҵоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара ианашьоуп.
Ԥхынгәы 24 рзы лыԥсҭазаара далҵит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имаӡаныҟәгаҩ Раиса Погорелаиа.
Ҭаниа иажәақәа рыла раԥхьатәи ахада ицхырааҩс даныҟаз, Погорелаиеи иареи есыҽны еибабон. Лусура аҟны зегьы дырнаалон. Иааилак зегь ацхыраара рыҭара дазхиан.
Погорелаиа лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа аус луан. Раԥхьа аҳәынҭқарра ахада имаӡаныҟәгаҩс, анаҩс Аԥсны раԥхьатәи ахада иабжьгаҩцәа раппарат аҟны. Владислав Арӡынба идунеи аниԥсах ашьҭахь аус луан Аԥсны раԥхьатәи ахада ифонд аҟны. Лара илхыҵуан 77 шықәса.
Ԥхынҷкәын 25 рзы 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз ашәҟәыҩҩы, апрозаик, адраматург Владимир Константин-иԥа Басариа.
Владимир Басариа диит ԥхынҷкәын 5, 1934 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз акьыԥхьрахь дцәырҵуа далагеит 1950-тәи ашықәсқәа рзыҳәаны. Раԥхьаӡатәи иажәабжь ашәҟәы ианылеит 1955 шықәсазы. Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа" уҳәа.
Иара иԥсҭазааратә мҩаҿы амш еиқәаҵәақәа дрықәшәеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа иашьа гәакьа иҭаацәеи иареи рыԥсы шҭаз рыҩны иҩнарблит.
Владимир Басариа дравторуп 20 шәҟәы инареиҳаны, уахь иаҵанакуеит апублицистикатә рҿиамҭақәагьы.
Идраматә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Абзиабара акәаҳара мариам", "Амра шкәакәа", "Хырԥара зқәым", "Ахаҵарашәа", "Шьхатәылан адыд", "Аныҟәаҩцәа" уҳәа. Иповестқәа иреиуоуп: "Акурорттә роман", "Алаԥшҳәаа аӡиас иахыԥоит". Ироманқәа: "Аԥсҭҳәеиқәаҵәеи ажәҩанҵлашеи", "Еҵәаџьаа анылаҟәуа", "Амш ашара" уҳәа.
Еицырдыруа аԥсуа етнолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага, Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Елена Малиаԥҳа лыԥсҭазаара далҵит нанҳәа 7 рзы. Лара 87 шықәса лхыҵуан.
Елена Малиа диит Аҟәа абҵара 23 1934 шықәсазы. 1958 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭуниверситет Кавказ аҟәша, 1964 шықәсазы - Қырҭтәылатәи ССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ринститут аҿы аспирантура.
Елена Малиа илыхьчеит акандидаттә диссертациа атема "Народное изобразительное искусство абхазов" ала. 1958 шықәса инаркны аус луан Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы (уажәы Аԥсуаҭҵааратә институт - азгә.). Лнапы иҵыҵхьеит 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа, урҭ рыбжьара иҟоуп "Аԥсуа милаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара (абеи ахырҷареи)" ("Народное изобразительное искусство абхазов (ткани и вышивки)"), "Аԥсуа маҭәа" ("Одежда абхазов"), "Аԥсуа маҭәа арԥшӡагақәа" ("Украшение одежды у абхазов"), "Ақәны иалху ауарҳалқәа рорнамент иазкны" ("Об орнаментации льняных ковров"), "Аԥсуаа рмилаҭтә хырҷара иазкны" ("О народном узоре абхазов"), "Ҳаамҭазтәи аԥсуа қыҭа" ("Современное абхазское село").
Ажьырныҳәа 8 рзы 67 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аԥсуа литература акафедра адоцент, апоет, аиҭагаҩ, Аԥсны Иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Лиудмила Хьыбба.
Лиудмила Хьыбба диит 1954 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. К.Ф.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат даналга, дҭалеит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа бызшәеи, аурыс бызшәеи рыҟәша. Анаҩс лҵара иацылҵеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны. 1987 шықәса инаркны афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Лиудмила Хьыбба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедраҿы аус луан, аԥсуа литература аҭоурых азы алекциақәа ркурс дрыԥхьон. 1990 шықәсазы акандидаттә диссертациа лыхьчеит. 2006 шықәсазы Еврокомиссиа иҟанаҵаз ааԥхьарала Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа арҵаҩыс шықәсқәак аус луан.
Ԥхынҷкәын 10 рзы лыԥсҭазаара далҵит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, апедагогикеи апсихологиеи ркафедра аиҳабы, 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" алахәыла, "Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз" рмедал занашьаз Нанули Лакашьиаԥҳа.
Нанули Лакашьиаԥҳа 40 шықәса инареиҳаны Аԥснытәи аҳәынҭқраратә университет аҿы аус луан, 25 инареиҳаны аԥсуа милаҭтә педагогика азҵаарақәа, атрадициатә ааӡара акультура ирызкыз аҭҵаарадырра-методикатә усумҭақәа дравторын.
Нанули Лакашьиаԥҳа адиссертациатә хеилакқәа ҩба рҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс дыҟан азанааҭқәа "азеиԥш педагогика, апедагогикеи аҵареи рҭоурых", "арҵареи ааӡареи ртеориеи рметодикеи".
Нанҳәа 23 рзы иԥсҭазаара далҵит С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректор Баҭал Гәынба.
Иара диит лаҵара 29 1964 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан. 1985 шықәса рзы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа филологиа азанааҭ. 1985 - 1991 шш. рзы аус иуан Жәандәрыԥшьтәи ашкол арҵаҩыс.
1991 - 1992 шш. рзы аус иуан Анаҟәаԥиатәи аҳәырԥсарра аусзуҩ еиҳабыс. Гәдоуҭатәи аҿартә еиҿкаара "Аублаа" напхгара аиҭон, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла далахәын, Жәлар рфорум "Аидгылара" жәандәрыԥшьтәи ахәҭа дахагылан. Баҭал Гәынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, 1993 шықәса ԥхынгәымзазы ӷәӷәала дхәын. 1994 ш. раахыс С. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи адиректорс дыҟан.
Ԥхынҷкәын 4 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль ахор ахкынагӡаҩ Нурби Џьынџьал.
Нурби Џьынџьал 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахада иусԥҟала "Агәымшәаразы" амедал
ианашьан.
Нурби Џьынџьал диит мшаԥы 22 1960 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан. 1986 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә училишье "ахкынагӡара" азанааҭ ала. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи рансамбль аҿы аус иуан 1981 шықәса инаркны. Ансамбль даланы Ҭырқәтәыла, Бырзентәыла, Франциа гастрольла дцахьан.
Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа Нурби Џьынџьал ахьӡ ихырҵеит 2009 шықәса рзы, Жәлар рартист ҳәа - 2016 шықәса рзы. 2020 шықәса цәыббрамза инаркны Акәашареи ашәаҳәареи жәлар рансамбль анапхгаҩыс даҭан.
Нанҳәа 11 рзы 75 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Ауаажәларратә палата агәабзиарахьчараз акомиссиа ахада Данил Убириа.
Данил Убириа диит мшаԥы 26 1947 шықәсазы. Ауаажәларратә палата ааԥхьарақәа хԥа раан амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, 2020 шықәса раахыс аиҿкаара аппарат напхгра аиҭон.
Данил Убириа акыршықәса акьыбачымазара даҿагылан. Атәыла аиҳабыра рҟынтәи аиԥш Ауаажәларратә палата аҟынтәгьы ацхыраара шимазгьы ичымазара аиааит.
Нанҳәа 23 рзы 68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ажурналист, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ, аблогер Манфред Петрич. Иара Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит Швеицариантәи.
Раԥхьаӡа акәны Петрич Аԥсны аӡбахә иаҳаит 2008 шықәса нанҳәа 8 азы, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла. Иара ринтерес икит ари атәылаҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа. 2009 шықәсазы Аԥсныҟа дааит. Анаҩс аамҭа-аамҭала арахь даалон.
Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит, Ешыра ақыҭан аҩны иргылеит. Игәҭакын аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс лгара.
Петрич Аԥсны инхара адагьы иблог аҿы иӡыригон. Аԥсны иара агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥигон – Аҩада Ешыра ашьапылампыл азы ахәыҷтәы команда алахәылацәа аформа рзааихәеит,
ақыҭатә школ аҿы аԥенџьырқәа иԥсахит, аконцертқәа еиҿикаауан.
Аԥсны далацәажәо, Манфред Петрич иҳәон зегь реиҳа ихадоу - атәыла анапхгара рхы ахьдырхаша азы аплан рымазароуп, насгьы уи мҩақәызҵо дыҟазароуп ҳәа.
Абҵара 10 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Патико Алан 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Патико Алан - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, ақыҭанхамҩа, аҭҵаарадырра, аҵара зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат.
1959 - 1992 шықәсқәа рзы алабораториақәа рҿы иҭиҵааит 100 инарзынаԥшуа химиатә маҭәашьар, урҭ рҟынтәи 30 ааглыхрахь иалагалан.
Иара инапхгарала иаԥҵан аҵаратә, ааглыхратә, арҵаратә усҳәараҭқәа: аҵиаақәа рыхьчаразы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи атоксикологиатә лабораториа, ачаии асубтропикатә культурақәеи рзы Зегьеидгылатәи аҭҵаарадырратә институт иатәу Аԥснытәи агербицидқәа рлабораториа, асубтропикатә культурақәа рзы Аԥснытәи аҭҵаарадырра-ааглыхратә еидгыла, Урыстәыла-Аԥснытәи хырхарҭарацәалатәи аҵаратә усҳәарҭа – Новочеркассктәи ааглыхра-гуманитартә коллеџь Аԥснытәи афилиал, ақыҭанхамҩаз Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт.
Патико Алан авторс дрыман 40 инареиҳаны аҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭақәа. Аҵиаақәа ртоксикологиеи рфизиологиеи рзы иусумҭа еиҭагоуп англызи анемеци бызшәақәа рахь.
Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.