ConIFA Анагӡаратә еилакы аилатәараҟны, 2015 шықәса ԥхынгәы 8 рзы, еицҿакны рыбжьы рҭиит 2016 шықәса рзы адунеитә Чемпионат Аԥсны имҩаԥысырц. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа (ConIFA) еиҿкаан 2013 шықәса рзы. Еиднакылоит FIFA аилазаара официалла иалам атәылақәа ршьапылампылтә командақәа 25.